Sputnik амчыбжь: Аҟәа ахада ҿыц, амашәырқәа, Аминистрцәа Реилазаара аӡбамҭақәа

© Sputnik Аминистрцәа Реилазаара
Аминистрцәа Реилазаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит иҳаҩсыз амчыбжь азы ареспубликаҿы иналукааша ахҭысқәа. Уи хҭысла ибеиан: аҳҭнықалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа ԥхьатәара ицара, уи ицынхәрас Кан Кәарҷиа иаҭара, Аминистрцәа реилазаара аилатәарақәа уҳәа жәпакы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аҳҭнықалақь ахада иԥхьатәара

Жьҭаарамза 21 рзы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа имаҵураҟынтәи ихы иақәиҭтәразы. Иара убри амш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо изы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп: "Аԥсны Аҳәынҭқарра административ-дгьылҵакыратә акрақәа рыҟны анапхгаразы" Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 24 инақәыршәаны Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс даҭазааит Кәарҷиа Кан Валери-иԥа", - ҳәа.

© Sputnik / Бадрак Авидзба Представление главы администрации Сухума Кана Кварчия
Sputnik амчыбжь: Аҟәа ахада ҿыц, амашәырқәа, Аминистрцәа Реилазаара аӡбамҭақәа - Sputnik Аҧсны
Представление главы администрации Сухума Кана Кварчия

 

Ақалақьтә еизара аӡбара ашьҭахь аҳҭнықалақь ахада даиуеит, уаанӡа ақалақь ахада инапынҵақәа нарыгӡоит. Аизара атәыла Ахада акандидатура анынаишьҭ ашьҭахь 30 усутә мшы иахымгакәа иаднакылоит аӡбара уи акандидатура (ақалақь Ахада, араион Ахада, араион иатәу ақалақь Ахада) иақәшаҳаҭхо иақәшаҳаҭымхо азы.

Аизарахь инашьҭу акандидатура мап ицәнакуазар, атәыла Ахада азин имоуп Аизарахь иара уи акандидатура аиҭанашьҭра, мамзаргьы акандидатура ҿыц анашьҭра. Уаанӡа инашьҭыз акандидатура еиҭахгьы мап ацәкызар, акандидатура ҿыц наишьҭроуп, иҟоу ықәганы.

Асовет аамҭазтәи алагалақәа ырхынҳәхоит

1992 шықәса нанҳәа 14 рҟынӡа Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аԥара алазҵахьаз ауааԥсыра рԥарақәа рырхынҳәразы аа-миллион мааҭк шәазарц Аусԥҟа апроект рыдыркылеит Аминистрцәа Реилазаараҟны ахаша, жьҭаара 23 рзы имҩаԥысуаз аилатәараҿы. Апроект рыдигалеит Аԥсны Афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба.

2003 шықәса раахыс аҳәынҭқарра 176 миллион мааҭ аԥара рызнашәахьеит жәаханызқьҩык аԥаралагалаҩцәа.

Ешыра амедицинатә центр ҿыц ргылахоит

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара амедицинатә центр аргыларазы аспорттә база "Ешыра" амазаратә комплекс азоунажьуеит.

8 шықәса инарзынаԥшуа иалацәажәоит ганрацәалатәи амедицинатә центр аргылара азҵаара. Аԥхьанатә иазԥхьагәаҭан Агәыӡера аргылара, аха уа иазоужьыз адгьыл маҷхеит аобиект аргыларазы. Аԥыза-министр инапынҵала иахәҭоу аҭыԥ ԥшаахеит.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа иажәақәа рыла, амедцентр Ареспубликатә хәышәтәырҭа аусура арыҩбом. Ара иаԥҵахоит иахьазы атәылаҿы иҟам аструктурақәеи аҟәшақәеи. Еиҳа инарҭбааны азҵаара иалацәажәараны иҟоуп Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа рпроектқәа рыхәаԥшраан.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны акомиссиа ҿыц аусура иалагоит

Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз рзы акомиссиа аԥҵахоит Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны. Абри аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы.

хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР аҟны хабарда ибжьаӡыз рызҵаарақәа рзы акомиссиа аԥырҵоит

Акомиссиа аусурахь иаҵанакуеит 1992-1993 шш. рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз рганахьала аинформациа аизгареи анализ азуреи. Аганқәа еинырлоит Аџьар Ҟаԥшь ала. Иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуло акомиссиа напхгара аиҭалоит Адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Адокумент анрыдыркыла ашьҭахь, 2003 шықәса рашәара 30 рзы Аминистрцәа Реилазаара иаднакылахьаз Ақәҵара "Ахҵәацәеи хабарда ибжьаӡызи рызҵаарақәа рзы акомиссиазы аԥҟара ашьақәырӷәӷәаразы" азинмчы ацәыӡуеит.

Алақәа ррыцҳара

Тҟәарчал ичмазқәоуи ҭынха дызмами алақәа рышьра иаҟәыҵит.

Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа лажәақәа рыла, ари ауснагӡатә ақалақь ауааԥсыра рыҳәарала имҩаԥыргон. Аҭагылазаашьа асоциалтә ҳақәа рҟны ацәажәарақәа ахылҿиааит. Анхамҩа-коммуналтә усбарҭа аиҳабыра абри ауснагӡатә иахырҟьаны ҩ-мцакы ирыбжьахеит: ганкахьала ақалақьуаа аҳәара ҟарҵеит ашәарҭара аазырԥшуа алақәа рышьра мҩаԥгазарц, даҽа ганкахьала ари иаҿагыло ауаа ҟалеит, урҭ асоциалтә ҳақәа рҟны аҿагыларатә акциақәа мҩаԥыргеит.

Афеихоа рацәоуп, амандарина маҷуп

2019 шықәса цәыббрамзеи жьҭаарамзеи рыҩнуҵҟа аҳәаа иахыргахьеит 47 тонна афеихоа. Ииасыз ашықәс иадкыланы иугозар, афеихоа аҳәаахыгара 36 тонна рыла еиҳауп. 2018 шықәсазы афеихоа аекспорт 11 тонна ыҟан.

CC0 / / Афеихоа
Sputnik амчыбжь: Аҟәа ахада ҿыц, амашәырқәа, Аминистрцәа Реилазаара аӡбамҭақәа - Sputnik Аҧсны
Афеихоа

 

Афеихоа еиԥш ахәырмагьы аекспорт ашәагаа еиҳахеит. 2019 шықәса цәыббрамзеи жьҭаарамзеи рыҩнуҵҟала атәыла иалгоуп ҩ-тоннаки 600 нызқь кьылеи ахәырма. Ари аҽаҩра бзиа иалҵшәахеит.

Иара убасгьы ацитрустә шәырқәагьы рекспорт асезон хацыркхеит. Аха сынтәа ацитрусқәа рҽаҩра уаргәырӷьартә иҟам. 2019 шықәса цәыббрамзеи жьҭаарамзеи рыҩнуҵҟала атәыла иалгоуп х-тоннак ашәыр. Ари ҩынтә еиҵоуп 2018 шықәсазтәи абри аамҭазтәи арбагақәа ирҿырԥшны.

Амчыбжь амашәырқәа

Москвантәи Аҟәаҟа амҩа иқәыз апассаџьыртә дәыӷба аҵла ақәҳаит Гагра араион Цандрыԥшь ақыҭаҿы жьҭаара 24 асааҭ 8:30 рзы. 185-ҩык апассаџьырцәа рҟынтәи аӡәгьы ааха имоуит.

Аҩадатәи Ешыра ақыҭа иахьаҵанакуа амҩатә машәыр ҟалеит ҳәа Аԥсны АҶА ахь адырра ҟалеит асааҭ 15:23 рзы аԥшьаша, жьҭаара 24 рзы. Аҩадатәи Ешыра иахьаҵанакуа атрасса хадаҟны автомашьына амҩа иахҟьаны ажра иҭаҳан, амца акит.

© Foto / МЧС АбхазииАҩада Ешыра иҟалаз амҩатә машәыр
Sputnik амчыбжь: Аҟәа ахада ҿыц, амашәырқәа, Аминистрцәа Реилазаара аӡбамҭақәа - Sputnik Аҧсны
Аҩада Ешыра иҟалаз амҩатә машәыр

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа излеиҳәо ала, амҩатә машәыр аҟны хҩык ааха роуит. Аҭыԥ ахь инеит АҶА иаҵанакуа х-машьынак: абылраҽацәыхьчаратә машьына, амедицинатә усбарҭа ацхыраара ласы амашьына, аиқәырхаратә машьына. Ааха зауз ацхыраара ласы амашьынала ахәышәтәырҭахь иргеит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла урҭ руаӡәк иԥсҭазаара далҵит.

Жьҭаара 26 рзы аҟәатәи аихамҩатә вокзал иахьаҵанакуа амҩатә машәыр иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит Аԥсны ахымхәацәа рфонд ахантәаҩы Бадри Агрба. Агрба 53 шықәса ихыҵуан, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра даветеранын, "Леон иорден" ианашьан.

Аспорттә жәабжьқәа

Атурнир Hopes Cup Sochi 2019 мҩаԥысуан Шәача, жьҭаара 15-21 рзы. Атурнир иалахәын Аԥснытәи акоманда "Нарҭ". Акоманда ашьапылампылтә турнир Hopes Cup Sochi 2019 аҿы ахԥатәи аҭыԥ агеит.

Аҟәатәи "Нарҭ" 2:0 ҳәа иаԥнагеит Ростов ақалақь ашкол №6. Ампылқәа ҭадыршәит Еснаҭ Бигәааи Леон Аргәыни. Иреиӷьу ахьчаҩ ҳәа дыԥхьаӡан Никита Лашәриа. Атурнир Hopes Cup Sochi 2019 иалахәын акомандақәа ааба.

Баџьа Хәытаба - Sputnik Аҧсны
Баџьа Хәытаба Будапешт имҩаԥысуа адунеи ачемпионат далахәхоит

Зых иақәиҭу ақәԥаразы адунеи Ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп Лиудовик аренаҿ, Венгриа аҳҭнықалақь Будапешт жьҭаара 28 - 30 рзы. Аԥсуа қәԥаҩы Баџьа Хәытаба, Шьамтәыла ахьӡала иқәгыло, иҽалаирхәраны дыҟоуп 23 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рыбжьара.

Баџьа Хәытаба Шьамтәыла ахьӡала 2020 шықәса рзы Иапониа имҩаԥысраны иҟоу аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа дрылахәхараны дыҟоуп. Уаанӡа, Шьамтәыла ахьӡала Хәытаба адунеи Ачемпионат аҿы 2019 шықәса рзы Нур-Султан ақалақь аҿы дықәгылахьан.

Баџьа Хәытаба аҩбатәи аԥсыуа спортсменуп зых иақәиҭу ақәԥарала Аолимпиатә хәмаррақәа ирылахәхо. Актәи - Денис Царгәыш (Урыстәыла еидҵоу акоманда ахьӡала дықәгылон – аред.). 2012 шықәса рзы Лондон имҩаԥысуаз Аолимпиатә хәмаррақәа рҟны ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0