Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит ИГ* ахада аль-Багдади дҭархоуп ҳәа

© © REUTERS / Jonathan ErnstДональд Трамп
Дональд Трамп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа аль-Багдади дҭархоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵахьан "Шьамтәылатәи адемократиатә мчрақәа" (SDF) ркомандаҟаҵаҩ Мазлум Абди.

АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. ЕАА рхада Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит атеррористтә гәыԥ "Исламтәи аҳәынҭқарра"* ахада Абу Бакр аль-Багдади дҭархоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Абу Бакр аль-Багдади дыԥсуп. Иара дҭахеит шәыргәындак иеиԥш", - иҳәеит иара.

Трамп иазгәеиҭеит аиҳабы адгьыл аҵатәи атуннель ала абналара дшаҿыц дшақәыркыз. Дшыркуаз аниба, имӷаз "аҽшьҩы имаҟа" ԥижәеит. Иҭахеит ирацәаҩны атеррористцәа. Америкатәи аруаа рҟынтәи аӡәгьы ԥырхага имоуит.

"Сара Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Ирак ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Ҭабуп ҳәа расҳәоит шьамтәылатәи акурдцәа иҟарҵаз ацхырааразы. Урыстәыла аҳауатә ҵакыра ҳзаанартит", - еиҭеиҳәоит Трамп.

ФСБ России - Sputnik Аҧсны
Ростовтәи аобласт аҿы иааныркылеит ИГИЛ алахәылацәа

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы изныкымкәа аль-Багдади дҭархоуп ҳәа адыррақәа ҟарҵахьан, аха уи афакт шьақәыргыламызт.

Абу Бакр аль-Багдади Ибрагим ас-Самарраи (аль-Багдади) ддинхаҵаҩын.

2003 шықәса рзы ЕАА Ирак ианалала Саддам Хусеин ир дрылалеит. Дытҟәан. "Аль-Каида"* ихы дақәиҭыртәит, иаргьы аиҿкаара далалеит.

Шықәсқәак рышьҭахь аль-Багдади "Исламтәи аҳәынҭқарра"* аԥиҵеит. 2014 шықәсазы ИГ* Ираки Шьамтәылеи ирылалеит.

*Урыстәыла ззин ыҟам атеррористтә еиҿкаара

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0