Аминистрцәа реилазаара иагьахәаԥшит иагьшьақәдырӷәӷәеит 2020 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет.
"Аҳәынҭқарратә биуџьеҭ аҿы иарбоуп 10 миллиардки 247 быжьба миллион мааҭ. Ҳазҭоу ашықәс иареи еиҿурԥшуазар, 35 миллион рыла иреиҳауп. Аԥсны Урыстәыла иҟанаҵо ацхыраарала иааиуа ашықәс азы иарбоуп 4 миллиардки 746 миллиони, уи 83 миллион рыла еиҵоуп сынтәа иҳауз аиҳа. Раԥхьа иргыланы ҳара ҳзыргәырӷьо ҳхатәы хашәала иаҳа иаҵҵаны аплан аҿы иахьырбо ауп. Ареспубликатә биуџьеҭ атәы ҳалацәажәозар, ахашәала ҟанаҵоит 8 миллиардки 115 миллион мааҭи, ахарџь – 8 миллиардки 348 миллиони. Адефицит иартәоит 232 миллион мааҭ. Иара аҳаркырц ҳгәы иҭоуп Аԥсны аҳәынҭқарратә банк иаҳанаҭо акредиттә ресурс ала", - ҳәа азгәеиҭеит Нанба.
Иара уи адагьы Нанба иазгәеиҭеит 2020 шықәса рзы аихамҩатә кредит 97 миллион мааҭ шәатәыс ишыҟоу, уи ахыхь апроцентқәа - 37 миллион мааҭ.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- 2020 шықәсазтәи абиуџьет Аминистрцәа Реилазаараҿы ирыдыркылеит
-
Аминистрцәа реилазаара аҳасабырба ҟарҵеит абиуџьет алагалақәа рзы