Иахьа ҳтәылаҿы иргәаладыршәеит 1930-тәи ашықәсқәа рзы аполитикатә репрессиакәа ирылаӡыз. Нестор Лакоба иҭархара ашьҭахь аԥсуа жәлар мҽакыҭбаалатәи рықәгара иазкыз аусқәа цон Сталин ихаан. Аԥсуа милаҭ иреиӷьыз рхаҭарнакцәа харада ахара рыдҵаны иқәырхуан.
"1937-тәи ашықәс атәы зҳәо ҳҭоурых аҟны ицәыргам ашьа зылжжу ахҭысқәа рацәоуп. Жәандәрыԥшь ашәышықәсатәи аҭоурых ҳәа ашәҟәы аидеиа авторс иҟоу Џьума Габуниа иоуп. Иара иеиԥш ҳаԥсуа қыҭақәа рҟны аӡәаӡәа ыҟазҭгьы, ҳҭоурых иазыҳаҵҳаҵо, хымԥада, иҟоуҵаша рацәахон.
1937-тәи ашықәс Жәандәрыԥшь ақыҭа 23-ҩык алаӡит. Рҭоурыхқәа аарԥшуп Аԥсны еицырдыруаз, усҟан аҳәынҭқарра амаа зкыз Ҩарданаа, Михаил Чалмаз, Қтыт Гәынба. Дара зегьы ирзуҳәаша рацәоуп. Сырзааҭгылар сҭахуп ԥшьҩык аишьцәа ҽнакала иахьыршьыз Ахьиаа рҭаацәа. Ҷиҷи Ахьиба ҳәа дыҟан Жәандәрыԥшь ақыҭан, иҩны иакәшеит аҽны, иҷкәынцәа аишьцәа рыԥшьҩык аҩны ишыҟаз анырдыр. Дара рыҽрырымҭо иалагеит, аиҿахысрақәа ҟалеит. Камыгә, Кәынта, Кан, Еснаҭ Ахьибақәа агәараҭаҟны иргәыдҵаны иршьит. Иаанхаз лыҷкәын аӡәы ихылҵыз иоуп апоет Владимир Ахьиба", - лҳәеит Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аҭоурых анаунагӡатәразы: Гагра иргәаладыршәеит 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз