Аҭоурых анаунагӡатәразы: Гагра иргәаладыршәеит 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз

© Foto / Саида Жиба НКВД иатәыз Абааҭатәи ахыбра
НКВД иатәыз Абааҭатәи ахыбра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
37-тәи ашықәсқәа раан Сталини Бериеи имҩаԥыргоз аполитика хәашь иалаӡыз ргәаладыршәеит иахьа, жьҭаара 30 рзы Гагра ақалақь, аамҭала НКВД иатәыз Абааҭатәи ахыбра аҵакыраҟны.

АҞӘА, жьҭаара 30 - Саида Жьиԥҳа, Sputnik. 37-тәи ашықәсқәа раан харада ахара зыдҵаны ибжьадырӡыз ргәалашәаратә рыцхә Аԥсны иазгәарҭоижьҭеи раԥхьаӡакәны Абааҭатәи абахҭа аҿаԥхьа, ақәаршыҩ шлеиуазгьы, еизеит жәаҩыла араионқәа рхаҭарнакцәа, атәыла ахадара. Хара имгакәа, араҟа 37-тәи ашықәсқәа раан, рҿахәы рҿыхны, иргәаҟны абахҭа иҭаршьыз, иара убас Сибраҟа иахыргаз ргәалашәара ахьӡала амузеи аартхоит.

© Foto / Саида ЖибаАбааҭатәи абахҭаҟны амузеи аартразы аремонттә усурақәа ирҿуп, аха уи азы иҵегьы афинанстә цхыраара аҭахуп.
Аҭоурых анаунагӡатәразы: Гагра иргәаладыршәеит 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз - Sputnik Аҧсны
Абааҭатәи абахҭаҟны амузеи аартразы аремонттә усурақәа ирҿуп, аха уи азы иҵегьы афинанстә цхыраара аҭахуп.

 

Акурорт Гагра ашьаҭаркҩы апринц Ольденбургтәи имазара иахәҭакыз ахыбра аиҭашьақәыргылара шаԥсам атәы рҳәахьан аҭыԥ ҭызҵаахьаз аспециалистцәа. Аха аобиект иааизакны аихатәы аибаркыра ачаԥареи, асаркьа ҭасареи, ахыб акыц ақәҵареи, аҵакырадгьыл 35 ашәкырак аанда акәыршареи, хаҳәла ачаԥареи, аихац змоу аԥенџьырқәа аҭареи, аамҭала ишбахҭаз еилукааратәы хахьла амӷтә цәаҳәа алашьҭреи арбоуп архитектор Игорь Смыр ипроект аҟны.

Ҭамара Жәанԥҳа: ҳхәыҷра лахьеиқәҵарала имҩасит>>

Абааҭатәи абахҭа ахьчареи амузеи ахь аиагареи рзы иаԥҵоу акомиссиа ҷыда алахәҩы, Гагра араион абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы, Аԥсны Афырхаҵа Рудольф Алшәындба ҷыдала араҟа имҩаԥысуа аусурақәа хылаԥшра риҭоит. Шықәсыбжак иалагӡаны абнатә ҵиаақәа зхысхьаз ахыби, акәша-мыкәшеи рыцқьаны, хаҳәла аанда чаԥаны иҟаҵоуп, иҭаԥҽыз ҭыԥқәак ҭырҭәаауп. Абарҭқәа зегьы гәахәарыла ирыдыркылеит избаз, изаҳаз, алахьеиқәҵаратә мшы иалахәыз асасцәа.

© Foto / Саида Жиба37-тәи ашықәсқәа раантәи арепрессиақәа ирылаӡыз ргәаларшәара далахәын Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.
Аҭоурых анаунагӡатәразы: Гагра иргәаладыршәеит 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз - Sputnik Аҧсны
37-тәи ашықәсқәа раантәи арепрессиақәа ирылаӡыз ргәаларшәара далахәын Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.

 

Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба иҳәеит, ас еиԥш иҟоу, ҳҭоурых аӡбахә зҳәо аусмҩаԥгатәқәа ишрылҵшәахо агәалашәара анаунагӡатәра.

"Ҳтәыла хәыҷы иахнагахьоу арыцҳарақәа ирыхәҭакуп арепрессиатә шықәсқәа. Ауаа ирыхьыз рзымдыруа, аџьамыӷәа цәгьа иҭадыргылон. Абри аҭыԥ аҿы мацара шәҩыла иргәаҟны ишьын, акьырҭрақәа ирҭаблын. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит иахьа еиҵагыло абиԥара ирхамшҭырц, уимоу ԥхьаҟа ашәышықәсқәа иргәылганы иргарц аҭыԥ змаз ҳҭоурыхтә хҭыс", - инаҵишьит иара.

Абааҭатәи абахҭа аҭыӡқәа зшьа ахьыршу рхаҭара ашьақәыргылареи, наҟ-наҟ амузеи аартреи 34 шықәса раахыс иазааԥсо ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла алахәҩы Закан Агрба иқәгылараҟны иазгәеиҭеит, Абааҭатәи абахҭа аҵакыраҟны ишьны, абрааҵәҟьа анышә иамардозгьы шмаҷҩымыз.

© Foto / Саида Жиба Агәаларшәаратә митинг аҟны иқәгылаз Закан Агрба иазгәеиҭеит амузеи аргылара изаамҭоу адгылара аимыур, иаҳцәыӡуа шырацәахо.
Аҭоурых анаунагӡатәразы: Гагра иргәаладыршәеит 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз - Sputnik Аҧсны
Агәаларшәаратә митинг аҟны иқәгылаз Закан Агрба иазгәеиҭеит амузеи аргылара изаамҭоу адгылара аимыур, иаҳцәыӡуа шырацәахо.

 

"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аԥхьа, агазеҭ "Авангард" аҿы аус анызуаз исзаарыцҳахьан амшын ацәқәырԥа абахҭа аҵакыранӡа иааины иҿнаӡәӡәаз адгьыл аҟнытә ахыбаҩқәа шааԥшыз. Сылаӷырӡ сҿашы аԥхьаӡара саналага, аиаша шәасҳәап, ҳабдуцәа рхыбаҩқәа жәабаҟа збеит. Шәара шәазхәыц, уи аԥхьаҟагьы, иара анаҩсгьы аӡы шаҟа ыҵнаххьаз, ҳара иҳамбакәа", - еиҭеиҳәоит абырг.

Абааҭа - Sputnik Аҧсны
Гагра НКВД иатәыз ахыбреи аҵакырадгьыли арыцқьара иаҿуп

37-тәи ашықәсқәа раан, аԥсуа милаҭ ахаҭарнакцәа рыдагьы, аполитикатә репрессиақәа ирылаӡит аурысцәа, аерманцәа, абырзенцәа, ақырҭцәа уҳәа.

Аԥсны аерманцәа Рхеилак ахантәаҩы Хачик Минасиан иҳәеит, Сталини Бериеи харада ахара идҵаны дышдырӡыз иабду иашьа. Иаб Тигран иакәзаргьы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашьҭахь аус зуаз азакәан изларҳәоз ала, хҩык рнапы зҵарҩыз ақьаад инақәыршәаны ашьра иқәырҵар акәын. Аха анцәа имчала ахԥатәи мап ацәикит анапаҵаҩра.

"Гаграҟа нхара санаа, усҟан Колхида ҳәа изышьҭаз (иахьа Ԥсахара) иатәыз, саб ишьразы анапаҵаҩра мап ацәызкыз Амбарцум Косиан ҳәа иҟаз анхаҩы дыԥшааны иҭабуп ҳәа иасҳәеит", - игәалашәоит иара.

Лӡаа "ауыӷә" рхызхыз>>

Абааҭатәи абахҭа еиднакылоит милаҭ рацәала, жәла-жәлала усҟантәи арыцҳара зкьысыз аҭаацәарақәа. Ари аҭыԥ аҿы амузеи анаартхо, ицәыргахоит харада ахара зыдҵаны инырҵәаз, иахьанӡа ргәакьацәа еиқәырханы ирымоу рыхьӡ зҳәо аҟәырҷахақәа, аҭоурыхтә документқәа, афотосахьақәа, ашәҟәқәа уҳәа.

Агәалашәаратә митинг аҿы, амузеи аргылареи аиҿкаареи знапы иану иреиуоу, ауаажәларратә усзуҩцәа Слава Сақаниеи Ҭенгьыз Габуниеи  еизаз ирыларҳәеит апроект анагӡара ацхыраара шаҭаху. Убас иҭабуп ҳәа раҳәан зхатә харџь алазгалаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0