АҞӘА, абҵара 5 - Sputnik. Урыстәыла Аладатәи арратә округ Аԥсны иҟоу арратә база аруаа арратә ԥшыхәыҩ Имш амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны рысасцәа иддырбеит ирымоу алшарақәа ҳәа аанацҳауеит Арратә округ апресс-маҵзура.
"Аполигон Гәдоуҭа абнаратә хәҭаҿы аԥшыхәыҩцәа еиҿыркааит ацивилизациа иацәхьыку аекстремалтә ҭагылазаашьаан ахымҩаԥгашьа арбара. Идыргылеит ақьалақәа, ацәҟьарақәа, ашьацҳәақща", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Амцеиқәҵараан аԥшыхәра аҟазауаа рхы иадырхәеит аԥаҭлыка аԥҽыхақәеи алабыҵәқәеи ақдқәеи реихьшьреи.
Арратә ԥшыхәыҩ Имш аныҳәаан абазахь инеиит зықьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа рҭаацәарақәа. Аграждантә усзуҩцәа, асасцәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Урыстәылатәи аруаа "аӷа" иеимадара ҭархәыҽит
-
Урыстәылатәи аруаа Аԥсны "атеррористцәа" ҭадырхеит БТР рыла