Абџьархыхразы адунеи аиқәшаҳаҭратә база бгоит: феида ззалада уи

© AFP 2023 / JANEK SKARZYNSKIАмерикатәи архәҭақәа
Америкатәи архәҭақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik аексперт, адәныҟатәи аполитика амагистр, азиндырҩы Ольга Сухаревскаиа дахцәажәоит абџьаршьҭаҵара аусхкаҟны ахылаԥшра амеханизмқәа рԥыргараҿы ЕАА инанагӡо ароль.

Абжьаратәии ааигәатәи ахарара аракетақәа рзы аиқәшаҳаҭра

"Аиадертә аамҭазы" астратегиатә бџьар аԥкра иаҵанакуа жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа ираԥхьатәиуп Еиду аштатқәеи, Британиа дуи, Асовет еидгылеи 1963 шықәса нанҳәамзазы анапы зҵарҩыз Атмосфереи, акосмостә ҵакыреи, аӡаҵаӡи аиадертә бџьар аԥышәаразы аиқәшаҳаҭра.

Лавров: Америкаа Шьамтәыла ахәҭак ацырҟьара рҭахуп>>

Абри ашьҭахь иҟан ирацәаны ҩ-ганктәии ганрацәалатәии аиқәшаҳаҭрақәа. Урҭ рыхәҭак иахьагьы аганқәа ықәныҟәоит. Иҟоуп иахьазы иажәхьоу ма еиҭаркхьоу. Иҟоуп иԥдыргахьоу.

Аиҳарак ацәажәара ахылҵит Михаил Горбачиови Рональд Реигани 1987 шықәса рзы рнапы зҵарҩыз Абжьаратәии ааигәатәи ахарара аракетақәа аракетақәа рзы Аиқәшаҳаҭра аԥкра.

Иара ацәырҵра ҵаҵӷәыс иаман ЕАА Европа иқәнаргылаз аракетақәеи Асовет еидгыла Европаҟа зхы архаз аракетақәеи. Уи анапаҵаҩра мзызс иаиуит ЕАА Европа ишьақәдыргылаз аиԥш зеиԥшу аракетақәа, урҭ СССР еиҳа ауааԥсыра ахьеилынхо аҭыԥқәа рахь рхы рхан. Иара убасҵәҟьа Асовет Еидгылаҟынгьы Европаҟа зхы рхаз аракетақәа шьақәыргылан.

ДРСМД аԥҟарақәа 500 - 5000 километра зынашьҭра алшо аракета ҿыцқәа аус рыдулара рзин ҟанаҵомызт. Убри аан Аиқәшаҳаҭра иаҵанакуамызт амшын ихтәалоу, амҵәыжәҩа змоугьы абрахь иналаҵаны аракетақәа. Иаҳҳәап, Адгьылбжьаратәии, Балтиатәии, Норвегиатәии амшынқәа ракваториаҟынтә иршьҭуаз америкатәи "Томагавкқәа" ирыман алшара "адгьылтәқәа" рыԥсахра.

Трибуна в зале для пресс-конференций штаб-квартиры НАТО. - Sputnik Аҧсны
НАТО шыԥсуа амырзаразы аилацәажәарақәа мҩаԥнагоит

ЕАА ДРСМД алҵра иамзызхеит иҵаҵӷәыдаз Аиқәшаҳаҭра еиланагеит ҳәа Урыстәыла ахара адҵара. Абри атәы рылаҳәан жәабран 1, 2019 шықәса рзы акомплексқәа "Искандер" реилазаарахь амҵәыжәҩа змоу аракета 9М729 ианалала ашьҭахь. Убри аан, ҩышықәса раԥхьа иара ЕАА официалла абиуџьет аҟынтәи аԥарашәара мҩаԥнагеит 1000 км. зыԥырра наӡоу амҵәыжәҩа змоу аракетақәа аус рыдуларазы.

Аштатқәа абасеиԥш рхымҩаԥгашьа аҭакс Урыстәыла ДРСМД ахалархәра ааннакылеит. 2019 шықәса нанҳәа 2 рзы Аиқәшаҳаҭра аусура аанкылахеит.

Уи адагьы, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ишиҳәаз ала ЕАА ахымҩаԥгашьа аҭакс Урыстәыла аус рыднауло иалагоит абжьаратәии ааигәатәи ахарара аракетақәа алшара змоу аракетақәа. Убри аан Урыстәыла арҭ аракетақәа џьаргьы иаргылараны иҟаӡам, урҭ ирышьашәалоу америкатәи ма европатәи аракетақәа џьара идыргылаанӡа.

Абри аҩыза аԥеиԥш аиур алшоит иаарту ажәҩан азы Аиқәшаҳаҭра (ДОН). Иара уажәгьы америкаа раԥшьгарала. Ари аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит атәылақәа дара-дара рҵакырақәа арратә ҭагылазаашьа агәаҭаратә ҟазшьа аманы рхаԥраара.

ЕАА ахыԥраара азинҟамҵара ҽыԥныҳәаны иаиуит Урыстәыла иҟанаҵаз аҳәара – асериа "Иаарту ажәҩан" иаҵанакуа аҳаирпланқәа ҩба рышьақәгыларақәа асертификациа рзура. Америкатәи аконгрессменцәа иазырыԥхьаӡеит рҵакырадгьыл аинспекциатә хаԥраарақәа "ашпион ҟазшьа" рымоуп, амилаҭтә интересқәа ирԥырхагоуп ҳәа. Убри аан ДОН алҵра ззыфеидоу дара америкаа роуп.

Аиқәшаҳаҭрақәеи аилаӡарақәеи анымҩаԥгаз ма ианԥыргаз аамҭақәеи дара ззырхоуи урызхьаԥшыр, иумбар залшом ҭагылазаашьак: аиқәшаҳаҭрақәа хра рыманы иҟалоит ЕААи дара рыдгылаҩцәеи СССР ма Урыстәыла аасҭа атехникатә ҩаӡараҿ аԥыжәара аҽакала ианырзымго аамҭазы. Америкаа абри аус аҿы аԥыжәара шаароулак, зегь леиларыжьуеит. ДРСМДгьы абри аҩыза аҭагылазаашьоуп изыхҟьаз.

Дональд Трампи и Эрдоган - Sputnik Аҧсны
Трамп Ердоган идигалеит 100 миллиард доллар шьақәзыртәо аилаӡара

Уажәы ЕАР ацхыраарала аҽазышәарақәа мҩаԥыргоит Урыстәыла аԥыжәара ззамоу абжьеиҳатә абџьар аԥкразы. Иумдырырцгьы залшом уи мап ацәкра ишаҟәыҵуа дара рхаҭақәа абри аус аҿы аԥыжәара шаароулак.

Ари иугәаланаршәоит ахәмарраҿ данзымиааилак ахәмарра аԥҟарақәа рыԥсахра иалагоз аџьентльмен изку анекдот.

Иахьазы Урыстәылеи Америкеи рыбжьара аус зуа астратегиажәыларатә абџьар армаҷразы Аиқәышаҳаҭроуп. Иара аҿҳәара анахара заҵәык ауп изылзыршар ауа аракета-иадертә усхк аҟны ахылаԥшратә механизм ашьақәырхара.

"ДРСМД азы аиқәшаҳаҭра анаԥыхха ашьҭахь америкаа ицәырыгеит 2021 шықәсанӡа СНВ-3 азы аиқәшаҳаҭра аркьаҿрақәа рылагалара азҵаара, –  иҳәоит арратә експерт Борис Рожин. – Америкаа иахьа ирҳәоит аиқәшаҳаҭра ма иаанкылатәуп ма ЕАА ишахәарҭоу ала аҭагылазаашьақәа ирықәшәо еиҭактәуп ҳәа".

Рожин игәаанагарала, ЕАА асеиԥш ахымҩаԥгашьа адунеижәларбжьаратә шәарҭадара асистема зынӡа еиланажьуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0