АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Афонд "Ашана" акциа "Агәыҳалалра аурок" еизнагаз аԥарақәа зегьы рзырхахоит афонд "Ашана" цхыраара знаҭо Елина Каленџьиан лыхәышәтәра ҳәа радио Sputnik иазеиҭалҳәеит афонд адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.
Ԥшьышықәса зхыҵуа Елина абҵара 18 рзы Ереван, Атравмоталогиеи аортопедиеи Рцентр "Сурб Аствацамайр" аҿы аоперациақәа ҩба лзуразы еизгатәуп 270 000 мааҭ Елина лыгра лыциит. Лыжәтәахқәа рыҩбагьы ҭԥаны диит.
"Иахьазы 100 нызқь мааҭ аԥара еизгоуп. Макьаназы иҵагьы аидкылақәа ҟалап ҳәа ҳгәыӷуеит", - лҳәоит афонд адиректор.
Лара лажәақәа рыла есышықәса акциа зҽалазырхәуа рхыԥхьаӡара еизҳауеит.
"Сынтәа ҵыԥх аасҭаа ҳарҵаҩцәа рацәан. Дара асоциалтә ҳақәа рҿы активла акциа аладырҵәон. Афотои авидеои ҭыхымҭақәа ӡырыргон", - азгәалҭеит лара.
Пицундатәи абжьаратә школ аҿы акциа мҩаԥыргеит дара афонд аусзуҩцәа рхаҭақәа.
"Ҳара оумашәа иаабеит ахәыҷқәа иҭырхыз асахьақәеи рысалам шәҟәқәеи ирыҵаз агәыблыра. Ҳара урҭ ззырхоу рҟынӡа инаагоит", - еиҭалҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Адунеизегьтәи агәыҳалалра амш аҽны Аԥсны имҩаԥыргоит еиуеиԥшым акциақәа: ашколхәыҷқәа аҵлақәа, ашәҭқәа еиҭарҳауеит, иҟоуп зҭаацәа ирыцхрааны ахаа-мыхаа зӡуа, изҭиуа. Нас урҭ аԥарақәа афонд ахь инарышьҭуеит.
Акция "Агәыҳалалра аурок" акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" фынтәуп Аԥсны имҩаԥнагоижьҭеи.
Адунеи зегьы аҿы агәыҳалалра Амш азгәарҭоит абҵара 13 рзы. Абри амш аҽны, 1998 шықәса рзы Токио иаатит Австралиа, Канада, Иапониа, Таиланд, Сингапур, Великобританиа, ЕАА злахәыз агәыҳалалраз Адунеизегьтәи аконференциа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит "Агәыразра амш" акциақәа раԥхьатәи рылҵшәақәа ртәы
-
"Илахҿыху ашьыжь": афонд "Ашана" аспорттә акциа хацнаркуеит