Аҳақьымцәа Доминика Ақырҭааԥҳа лҭагылазаашьа иалацәажәеит

© SputnikВрачи ЦРБ Абхазии рассказали о состоянии здоровья Доминики Акиртава
Врачи ЦРБ Абхазии рассказали о состоянии здоровья Доминики Акиртава  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҟны аус зуа ахәыҭаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра аиуит абҵара 22 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз аиҿахысра аан, уи ахәышәтәырҭаҟны дышьҭоуп, акома дҭагылоуп.

АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи аҳақьымцәа Доминика Ақырҭааԥҳа лҭагылазаашьа иалацәажәеит абрифинг аҿы абҵара 25 рзы.

"Доминика Ақырҭааԥҳа лҭагылазаашьа аҽамԥсахыцт, даара ибааԥсуп. Ахәышәтәырҭахь дааргеижьҭеи лҭагылазаашьа шыҟац иҟоуп, уи аиӷьтәразы иахәҭоу аусқәа зегьы шеиҿкааугьы", - лҳәоит анеирохирург Кристина Бениаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит аоперациа аҟаҵара шзалымшо. Бениаԥҳа лажәақәа рыла, арентгентә ҭыхымҭақәеи лчымазаратә картеи урыстәылатәи рколлегацәа ирзырышьҭит. Дара изларҳәаз ала, лҭагылазаашьаҟны ацхыраара рзыҟаҵар рылшом.

Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Алхас Конџьариа еиҭеиҳәеит лара аҳәаанырцә лиагара шзыҟамло. Уи аҭахынгьы иҟам, избанзар џьаргьы аоперациа лзыҟарҵара рылшом. Лшьақәыӷәӷәара ахала аус зауӡом. 

Аҳақьым-ареаниматолог Наргиза Харчлааԥҳагьы иазгәалҭеит ачымазаҩ лҭагылазаашьа еиҭакра шамам.

"Лыуацәа, лҭынхацәа агәыӷра раҳҭар ҳҭахуп, аха макьаназ иаҳҳәаша ҳамам. Лҭагылазаашьа макьаназ даара ихьанҭоуп. Бурденко ихьӡ зху ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа реиԥш, Бырзентәылатәи ҳколлегацәагьы ҳаҽрымаадеит. Дара ҳара имҩаԥааго ахәышәтәра иақәшаҳаҭуп", - лҳәеит Харчлааԥҳа.

Аԥснытәи аҳақьымцәа ирылшо зегь ҟаҵо Доминика Ақырҭааԥҳа лыԥсҭазаара иазықәԥоит. Ауааԥсырагьы агәцаракра ду аадырԥшит. Аԥсны ахы-аҵыхәа ирымҭиуаз ахәшә "Норадреналин" змаз ахәышәтәырҭа апациентк хәыда-ԥсада лара лзы ириҭеит.

Стрельба напротив ресторана Сан-Ремо - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иҟалаз ахысра: иалкаау

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз. Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра ӷәӷәа аиуит, уи диаган Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшахьы.

Иара убас Ареспубликатә хәышәырҭа хадахьы днаган ишьаргәацәқәа рыҩбагьы ахәра рацәа змаз Русҭам Шамба, 1977 шықәсазы ииз, аҩбатәи ахәышәтәырҭахь днаган Шамиль Аҩӡба, 1997 шықәсазы ииз. Урҭ рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭагылам.

Аоперативтә ԥшаарақәа ирылҵшәаны ахәаша, асааҭ 16:00 рзы ацәгьоуцәа равтомашьына "Toyota Mark-2" былны иԥшаауп "Дэпо" араион аҿы. Уи иҭан "Калашников" иавтоматқәа ԥшьба.

Абҵара 23, асабша, Аҟәатәи апрокуратура Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа жәпакы инарықәыршәаны ихацнаркит ҩыџьа ауаа рышьразы ашьаусҭҵаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0