"Иахьа ашьауӷатә закәан ҳахәаԥшуазар, ҳзакәанқәа рҿы иаҳәаӡом "еиҿкаарала иҟоу ацәгьоура" ҳәа. Иҟоуп хазы еиҿызкаауа, иҟазҵаз ацәгьоура, иалахәыз ҳәа, аха еиҿкаарала ацәгьоура ҳәа азакәан ыҟаӡам. Хаз-хазы ирыхәаԥшуазар, ирықәырҵо ашықәсқәа џьара-џьара иаҳҳәар ҟалоит имаҷуп ҳәа, еиҭа иацҵәатәуп ҳәа уҳәар ҟалоит, аха уи ала иахьатәи ҳҭагылазаашьа ҳаԥсадгьыл аҿы иҟоу ариашара цәгьоуп. Ҳакәша- мыкәша иҟоу аҳәынҭқаррақәа рҿы абри аҩыза азакәанқәа рыдыркылеит. Аӷьыч ҳәа иҟоу уахь зхы адызкыло ацәгьоурагьы ҟаимҵазаргьы ашьауӷа дақәшәоит, ашықәсқәа иқәырҵар ҟалоит. Акымзаракгьы ҟаимҵазаргьы. Ҳара ҳахь аара иалагеит ас еиԥш азакәан зыдызкылаз ахәынҭқаррақәа рҟынтә, ара аиҿкаарақәа аԥырҵо иалагеит, уи иахылҿиаауеит ацәгьоурагьы. Сгәы иаанагоит хара имгакәа иаҭахуп Жәлар реизараҿы ари азакәан актәи ааԥхьарала адкылара, нас аҩбатәи ахԥатәи аан ариашарақәа алагаланы, аспециалистцәа, азындырыҩцәа адгаланы ҳара иаҳнаалаша абри аҩыза азакәан ҳадаҳкылароуп ҳәа. Хыԥхьаӡарала ҳмаҷуп, ҳазхәыцроуп ҳԥеиԥш", - ҳәа азгәеиҭеит Смыр.
Азындырҩы иажәақәа рыла ас еиԥш азакәан удукылаанӡа иаҭахуп уи аус ауратәы уҽазыҟауҵарц.
"Адкыларазы иҳадыҳкыларагьы ҳазыхиоума ҳара иара анагӡара? Уа ухы- угәы иҭазароуп, уи уаҵәтәи ҳԥеиԥш ишаԥырхагоу, ауаҩы дазыҟауҵароуп азакәан дадгыланы аус иуратәы. Зегь раԥхьа инаргыланы ауалафахәы шьҭыхтәуп, техникала деиқәыршәатәуп. Абарҭ зегьы азгәаҭамқәа иахьа азакәан удукылоит, уаҵәы уи аус ауӡом ҳәа аҳәара имариоу усуп. Уҽазыҟауҵароуп азакәан аус ауратәы", - ҳәа азгәеиҭеит Смыр.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: