Искандер ихьӡ зху аԥхьахә анашьара мҩаԥгахоит Москва

© Sputnik / Владимир АстапковичФазиль Искандер
Фазиль Искандер - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә аԥнаҵеит Урыстәылатәи ПЕН-центр 2016 шықәса нанҳәамзазы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә анашьара мҩаԥысраны иҟоуп Москва, ԥхынҷкәын 2 асааҭ 18:00 рзы А.П. Боголиубов ихьӡ зху Аҟазара абиблиотека азал хадаҿы.

Аԥхьанатә ауснагӡатә азԥхьагәаҭан цәыббрамзазы, аха афинанстә проблемақәа ирхырҟьаны аҿҳәара еиҭакын.

Аԥхьахә ршоит аноминациақәа хԥа – "апроза", "апоезиа", "акиносценарии адраматургиеи" рыла.

Евгени Попов хантәаҩра ззиуа ажиури иалахәуп: Урыстәылатәи ПЕН-центр алахәылацәа: Александр Городницки, Максим Гуреев, Борис Евсеев, Марина Кудимова, Едуард Русаков. Рашәарамзазы асиа кьаҿ кьыԥхьын. Аԥхьахә заур зылшо рахь иаҵанакит Владимир Делба ипрозатә еизга "Звездная пыль моих воспоминаний".

Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә шьаҭанаркит урыстәылатәи ПЕН-центр 2016 шықәса рзы. 2017 шықәса рзы аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәа Витали Шариеи Ричард Чкадуеи аҳаҭыртә дипломқәа ранашьан.

Ельвира Арсалиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арсалиаԥҳа: Фазиль Искандер изку ахҭысқәа есыҽны џьара имҩаԥысуеит

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩы-шықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест "Созвездие Козлотура".

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0