"Князь Владимир" ахәылбыҽха Аҟәатәи абаӷәаза ааннажьит

Анапаҵаҩра
Акруизтә лаинер "Князь Владимир" Аҟәатәи амшынтә баӷәаза иадгылеит ԥхынҷкәын 2 асааҭ 9:40 рзы. Ари ахҭыс 1993 шықәса раахижьҭеи ҳбаӷәаза иамбацызт.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik, Бадри Есиава. Акруизтә лаинер "Князь Владимир" агәаҭаратә ныҟәара хнаркәшеит, Аҟәатәи абаӷәаза ааннажьит ԥхынҷкәын 2 ахәылбыҽха.

Аҟәа Князь Владимир ишаԥылаз - Sputnik Аҧсны
Аҟәа "Князь Владимир" ишаԥылаз

Абаӷәазахь инеит аҳҭнықалақь ауааԥсыра, асасцәа. Асааҭ 19:30 рзы аекипаж аӷба аԥырсал шьҭырхит, аӷбагьы ашьшьыҳәа абаӷәаза инадҵит. Ажәҩан иаҵаҷҷеит асалиутқәа.

Аԥсни Урыстәылеи ркурортқәа рыбжьара акруизтә еимадара хацыркхараны иҟоуп 2020 шықәса рзы. Абри азы "Аԥсны амшынӷбаныҟәареи" "Амшынеиқәатә круизқәеи" "Урыстәылатәи аинвестициатә форум - 2019" аҿы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Афорум мҩаԥысуан Шәача.

2019 шықәса рзы аусура иалагоит раԥхьатәи агәаҭаратә ныҟәарақәа мҩаԥызгаз аӷба "Князь Владимир" ала, иара уажәы Шәача-Новороссиск-Иалта-Севастополь-Шәача амаршрут ала иныҟәоит. Уажәшьҭа Аҟәагьы абарҭ ақалақьқәа ирыцлоит.

"Князь Владимир" 600-700 пассаџьыр рҟынӡа рымҩангараз алшара амоуп.

Sputnik аинтервиу азҭаз Урыстәыла амшынтәи аӡиастәи транспорт азы Афедералтә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Захари Џьиоев иажәақәа рыла, ауаа еиҳа ирацәаҩхар, ареисқәа рхыԥхьаӡарагьы иацҵахоит.

Аҵыхәтәантәи 26 шықәса Аҟәатәи амшынтә баӷәаза иаҭаауаз аидарамҩангага ӷбақәа ракәын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0