Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла 80 шықәса ахыҵра азгәарҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАцәыргақәҵатә зал хада
Ацәыргақәҵатә зал хада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла аԥҵан Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа арҵаҩцәа раԥшьгарала 1939 шықәса рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 – Sputnik. Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла 80 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа аатуеит ԥхынҷкәын 10 асааҭ 12:00 рзы ацәыргақәҵатә зал хадаҿы. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа.

"Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иқәыргылахоит еиуеиԥшым аамҭақәа иртәу аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәа. Аҭааҩцәа ирыдгалахоит хынҩажәаҩык асахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәа", - ҳәа иҳәеит иара.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иалахәуп 70-ҩык асахьаҭыхыҩцәа иҳәеит Витали Џьениа.

"Аԥсны асахьаҭыхратә ҟазара аҿиара ахәшьара ауҭозар, ибзиоуп ҳәа ахуҳәаар ауеит. Иахьа аԥсҭазаара акыр иуадаҩуп, бзиа иубо аус ада даҽакы унапы аламкра акыр ицәгьоуп. Убри аан ҳсахьаҭыхыҩцәа аҟыбаҩ бзиа рылоуп. Узеигәырӷьаша акәны иҟоуп аҿар ахьеиҵагыло", - иҳәеит иара.

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахнтәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Џьниа. - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьниа: асахьаҭыхыҩцәа аиҳабыратә биԥара аҿарацәа зегь рыла ирыцхраауеит

Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла 80 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа аатуеит ԥхынҷкәын 10 асааҭ 12:00 рзы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы, аусгьы ауеит ԥхынҷкәын 19 рҟынӡа. Ацәыргақәҵа еиҿнакааит Аԥсны Акультура аминистрра.

Раԥхьаӡа акәны аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа еиҿкаан 1940 шықәса рзы.

1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьтәи аамҭа уадаҩқәа раангьы аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рус иаҿын, Шәача, Краснодар, Ростов-на-Дону, Саратов, Санкт-Петербург, Москва, Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҿы ацәыргақәҵақәа ирылахәын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0