Ҳагба Аԥсны аҭыԥ змоу ацәгьоурақәа рзы: амилаҭтә шәарҭадара ҵыршәаауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Ҳагба
Беслан Ҳагба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ААУ аполитологиеи асоциологиеи ркафедра арҵаҩы, аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Беслан Ҳагба Аԥсны аҭыԥ змоу акриминогентә ҭагылазаашьа амчрақәа рыԥсахра мацарала ушзазымиааиуа, ауаажәларрагьы уи иаҿагылар шаҭаху атәы далацәажәеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 - Sputnik. Ацәгьоура аҿагылара ишахәҭоу еиԥш еиҿкаам ҳәа арадио Sputnik аҟны ахәшьара риҭеит ААУ аполитологиеи асоциологиеи ркафедра арҵаҩы, аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Беслан Ҳагба, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Аԥсны иҟалаз ахҭысқәа дрыхцәажәо.

"Амш каххаа, аҽнышьыбжьон ауаа ршьуеит. Ари уажәадагьы иҟалақәахьеит. Уи амчрақәа рыԥсахрала узиааиуа усӡам, ауаажәларра аҿагылозароуп. Латынтәи Америка аҳәынҭқаррақәа рҿы, акриминогентә ҭагылазаашьа ахьыбааԥсӡаз, егьырҭ атәылақәа рахь ацхыраара иаҳәон, уи алагьы иалдыршон ртәылаҟны акриминал амч арԥсыҽра. Сара аӡәгьы дсыршәар сҭахым, аха асеиԥш аҭагылазаашьа ҳмилаҭтә шәарҭадара ҵнашәаауеит. Ас аҳәынҭқарра аргылара ҟалаӡом. Иарбанзаалак даҽа ҳәынҭқарракгьы абандиттә, ацәгьоура аҳра ахьауа атәыла ацәажәара рҭаххаӡом. Убранӡа ҳааины ҳаҟоуп - ма ҳаԥсыроуп, ма ҳанхароуп, ацәгьоурақәа ҳариааироуп. Ма аԥеиԥш змоу аҳәынҭқарра ҳаргылоит, ма хыԥшада ҳниасуеит", - иҳәеит Ҳагба.

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз.

Аҟәа иҟалаз ахысра: иалкаау>>

Иара убас Ареспубликатә хәышәтәырҭа хадахьы днаган ишьаргәацәқәа рыҩбагьы ахәра рацәа змаз Русҭам Шамба, 1977 шықәсазы ииз, аҩбатәи ахәышәтәырҭахь днаган Шамиль Аҩӡба, 1997 шықәсазы ииз. Урҭ рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭагылам.

Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра ӷәӷәа аиуит, уи диаган Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшахьы. Иацы, ԥхынҷкәын 3 рзы лыхдыррахь дымхынҳәӡакәа лыԥсҭазаара далҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0