Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кобахьиа азинхьчаратә усбарҭақәа русеицуразы: агыгшәыг абна илуцарц азы умԥаҟьԥаҟьроуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Кобахьиа
Аслан Кобахьиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аамҭаказы атәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иахагылаз Аслан Кобахьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит азинхьчаратә усбарҭақәа зегьы русеицура ацәгьоура аартраҿы ҭыԥс иааннакыло.

Атәыла ахада ԥхынҷкәын 5 рзы Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара даныдирдыруаз иазгәеиҭеит ареспублика азинхьчаратә структурақәа рыбжьара аинырра шыҟам.

Кобахьиа азинхьчаратә усбарҭақәа русеицуразы: агыгшәыг абна илуцарц азы умԥаҟьԥаҟьроуп

"Сара аҵыхәтәантәи аус ахҳәаа азызуртә сыҟам, уи ҭҵааны исымам, ауаҩы аус аниуа ауп ибзиаӡаны ианидыруа, Апрокуратура хадеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, аусӡбарҭеи русура ахьынӡеиқәшәоу. Ҳара аус анаҳуаз аимак-аиҿак ыҟан, аха ҳҳәоу еиқәымшәо, дара ганха иахо, ҳара даҽаџьара иҟамызт. Зегьы нагӡаны иҟан, аилибакаара ҳаман ҳәагьы сызҳом, уи ҟалашьа змам ауп. Аха аҳәынтқарра аиҳабгьы ииҳәо убри ауп, урҭ реизыҟазаашьа ишахәҭоу еиԥш иҟам. Иара еснагь ашәарҭадаратә хеилак аизараҿы ииҳәо акоуп: "Шәҳәоу еибыҭаны аус жәу!" - ҳәа. Доусы рхатә функциақәа рымоуп, еицхырааны, еиԥырхагамкәа еиццалароуп. Ацәгьоура ҟазҵаз, ауаа зшьыз агыгшәыг даҩызоуп. Уи абна илуцарц азы умԥаҟьԥаҟьроуп. Уажәы зегьы аус еицыруроуп - згәы иалоу, аҳәынҭқарра аҟнытә знапы ианугьы. Ара иаҭахуп ахшыҩеилаҵара, аивагылара. Аԥсуаа ирҳәалоит аԥша иамҳәаргьы, аӡы иаҳәоит ҳәа. Ари хара имгакәа иаартхо усуп, ас еиԥш иҟоу аус узыҵәахӡом, аӡә даԥыргахартәгьы иҟамлароуп, ухагамзар", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кобахьиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0