Аминистрцәа Реилазаараҿы аенергетика азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥыргеит

© Foto / Кабинет министров РААминистрцәа Реилазаараҿы аенергетика азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥыргеит
Аминистрцәа Реилазаараҿы аенергетика азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аусутә еиԥылара иалахәын Ашәарҭадаратә маҵзура, Аекономика аминистрра, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҵарадырра аминистрра, Акультура аминистрра, АУН "Амшынеиқәафымцамч" рхаҭарнакцәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Аԥыза-министр Валери Бганба аенергетика азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит атәыла аиҳабыра рыпресс-маҵзура.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" анапхгаҩы Аслан Басариа иҳәеит аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы афымцамч ахархәара ахьыҳаракхаз инамаданы ареспублика араионқәа рҿы аамҭа-аамҭала афымцалашара дырцәалар шакәу.

"Арҭ аԥкрақәа еиҳарак изыдҳәалоу ахархәаҩцәа рыҩнуҵҟа афымцалашара аекономиа азура акультура ахьыҟам ауп", - иҳәеит иара.

Еизаз иазгәарҭеит аҭагылазаашьа ауадаҩхара ишацхраауа закәаншьаҭада аус зуа амаининг фермақәа рцәырҵра.

Валери Бганба, аиԥылара иалахәыз дырзыӡырыҩны анапынҵа ҟаиҵеит амаининтә фермақәа рыҟазаара ашьақәыргыларази ахархәара зылшо анорматив-зинтә актқәа аус рыдуларази.

Амшынеиқәафымцамч афымцалашара арцәара аграфик рыланаҳәеит - Sputnik Аҧсны
"Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара арцәара аграфик рыланаҳәеит

Аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аиҿкаарақәеи ирыдҵоуп афымцамч ахархәара аиҵатәразы ауснагӡатәқәа рыдыркыларц.

2018 шықәса ԥхынҷкәын 29 рзы Аԥсны аиҳабыра ирыдыркылеит аӡбара ареспублика аҵакыраҿы акриптовалиута амаининг азин аҟамҵаразы.

Асеиԥш аӡбара рыдкылан Аԥсны ауааԥсыра фымцалашарала реиқәыршәара аԥыжәара аҭатәны иахьыԥхьаӡоу азы.

Аԥсны ахада  Рауль Ҳаџьымба Апрокуратура хадеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи рнапы ианиҵеит ареспублика аҵакыраҿы акриптовалиута амаининг  мҩаԥызго аадырԥшырц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0