Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиаԥҳа аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭарақәа рзы: уахьақәшәаз амашьына аргылара ауам

© Sputnik / Томас ТхайцукСариа Кәарцхьиаԥҳа
Сариа Кәарцхьиаԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа арадио аефир аҟны еиҭалҳәеит аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа аҳҭнықалақь аҟны иаалырҟьаны агәаҭарақәа шымҩаԥырго, урҭ мзызс ирымоу.

Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа ареидқәа мҩаԥыргоит аҳҭнықалақь аҟны иахьахәҭам аҭыԥқәа рҟны идыргыло амашьынақәа рганахьала.

 

Кәарцхьиаԥҳа аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭарақәа рзы: уахьақәшәаз амашьына аргылара ауам

"Аҟәа амҩа хадақәа рҟны иубоит амашьынақәа рацәаны иахьахәҭам лассы-лассы ишдыргыло. Урҭ аныҟәаҩ амҩа еихиҵәар ахьақәнагоу аҭыԥ аҟны иандыргыло ыҟоуп, иара убасгьы адыргақәа рыҵаҟа. Агәаҭарақәа раан иаразнак аҳәынҭқарратә номерқәа рымырхӡом, амилициа аусзуҩцәа рыбжьы ҭыганы агәҽанызаара ҟарҵоит, аха 15-20 минуҭ рыҩнуҵҟа амашьына аԥшәма данцәырымҵуа, усҟан иамырхуеит.

 

Амашьынарныҟәцаҩцәа лассы-лассы зынӡа ихадарҟьоит уҳәар алшоит. Амҩеихдақәа рҟны амашьынақәа аанрыжьуеит, егьырҭ ладала ма ҩадала иаауа иахьцо рбаӡом, уи амашәыр ахылҿиаар алшоит. Иашаӡам уахьаақәшәаз амашьына аргылара. Аныҟәаҩ изгьы иманшәалам аҭагылазаашьа аԥырҵоит ашьаҟамҩаҟны змашьынақәа аанзыжьуа, ауаҩы дахьцо анимоулак амашьынамҩа данылоит. Ас еиԥш ареидқәа рымҩаԥгара аҭахуп", - лҳәеит Кәарцхьиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0