Аԥснытәи атаибоксиор Нижни Новгород атурнир аҿы афинал ахь днеит

CC0 / / Аԥснытәи атаибоксиор Нижни Новгород атурнир аҿы афинал ахь днеит
Аԥснытәи атаибоксиор Нижни Новгород атурнир аҿы афинал ахь днеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Таитәи абокс азы XIII Иаарту урыстәылазегьтәи атурнир "Кубок Содружества - 2019" мҩаԥысуеит Нижни Новгород ԥхынҷкәын 10 - 13 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи абоксиорцәа Нижни Новгород имҩаԥысуаз таитәи абокс азы XIII Иаарту урыстәылазегьтәи атурнир "Кубок Содружества - 2019" аҿы рхы шьахәны иаадырԥшит ҳәа иҳәаахьан уаанӡа аспортсменцәа разыҟаҵаҩ, ареспубликаҿы таитәи абокс азы Афедерациа ахада Ҭемыр Гьергьедаа.

Ԥхынҷкәын 12 рзы имҩаԥысыз аиндаҭлараан аԥснытәи абоксиор Леон Амҷба Нижни Новгород имҩаԥысуаз таитәи абокс азы XIII Иаарту урыстәылазегьтәи атурнир "Кубок Содружества - 2019" афинал ахь днеит ҳәа Sputnik акорреспондент изааицҳаит Ҭемыр Гьергьедаа.

"Леон афиналбжатә қәгылараан даиааит, уажәшьҭа афинал аҿы дықәгылараны дыҟоуп", - иҳәеит иара.

Иара аиааира илшар, ахьы изгар, Урыстәыла аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ иоуеит.

Таитәи абокс азы XIII Иаарту урыстәылазегьтәи атурнир "Кубок Содружества -2019" мҩаԥысуеит Нижни Новгород ԥхынҷкәын  10 - 13 рзы.

Атурнир иалахәуп 500-ҩык аспортсменцәа Урыстәыла арегионқәеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рҟынтәи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0