Ажурнал Time аҵыхәтәантәи ажәашықәса иреиӷьу агаджетқәа рреитинг ҟанаҵеит

© Sputnik / Лариса Саенко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраApple iPad
Apple iPad - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩныҵҟа зқьыла ахархәага ҿыцқәа ҭыжьын. Дара иҟарҵоз аныррагьы акыр еиуеиԥшымызт.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik. Ажурнал Time иалнакааит иреиӷьу агаджетқәа ареитинг аҭыжьымҭа асаит аҿы икьыԥхьуп.

"Аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩныҵҟа ауааԥсыра рыбзазара акыр еиҭазкыз ахархәагақәа – асмартфонқәеи аԥырҩы дызмам аԥрыгақәеи инадыркны автомашьынақәа рҟынӡа иҭыжьу рацәоуп", - азгәеиҭоит аматериал автор.

Ареитинг аҟны аԥхьагылара аиуит апланшет Apple iPad.

Аҩбатәи аҭыԥ – автомашьына Tesla Model S. Ахԥатәи – акомпиутер маҷ Raspberry Pi.

Урҭ ирышьҭанеиуеит: амедиаплеер Google Chromcast, адрон DJI Phantom.

Асиа иара убасгьы ианылеит аплеер Amazon Echo, Apple Watch, Apple AirPods, Nintendo Switch.

Ажәабжьқәа зегьы
0