00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
12 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рганахьала иреиҳау аҵара змоу усурала реиқәыршәашьа
13:19
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Еицырдыруа ахьыӡқәа
Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа 70 шықәса ихыҵит
13:43
26 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Турбаза
Глэмпинг в Абхазии: спрос и предложения
14:17
4 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
Проекты от «Команды Абхазии»: паспорт туриста
14:44
18 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Актуальный комментарий
Как и когда пройдут выборы в Парламент Абхазии по Драндскому округу
18:22
7 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Рауль Ҳаџьымба Аԥсны апрокуратура хада аилазаара дыдирдырит Адгәыр Агрба

© Foto / Генеральная Прокуратура Республики Абхазия Рауль Ҳаџьымба Аԥсны апрокуратура хада аилазаара дыдирдырит Адгәыр Агрба
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны апрокуратура хада аилазаара дыдирдырит Адгәыр Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адгәыр Агрба икандидатура Аԥсны Жәлар реизара-Апарламент аҟны адгылара арҭеит 25-ҩык адепутатцәа, иаҿагылеит - 6-ҩык.

Аҟәа, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны апрокуратура хада аилазаара дыдирдырит апрокурор хада ҿыц Адгәыр Агрба ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит аҿы.

Апарламент адепутатцәа маӡалатәи абжьыҭирала Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар Реизарахь Аԥсны Апрокурор хадас иҟаларазы ԥхынҷкәын 5 рзы инаишьҭыз Адгәыр Агрба икандидатура адгылара арҭеит ԥхынҷкәын 12 рзы имҩаԥысуаз аилатәараҟны.

Адгәыр Агрба  - Sputnik Аҧсны
Адгәыр Агрба Аԥсны Апрокурор хадас иҟалара иадгылеит Апарламент адепутатцәа

Агрба икандидатура адгылара арҭеит 25-ҩык адепутатцәа, иаҿагылеит - 6-ҩык.

Абри аҭыԥ аҿы Адгәыр Агрба диԥсахит Зураб Ачба. Зураб Ачба имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәын ԥхынҷкәын 2 рзы.

Ԥхынҷкәын 2 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы еизеит 300-ҩык инарзынаԥшуа абҵара 22 рзы иршьыз Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыуацәеи рҭынхацәеи, атәыла ауааԥсыра. Еизаз Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иамхра дҵас иҟарҵеит. Абри ашьҭахь дара Апарламент ахыбрахь инеит.

Иҟаз аҭагылазаашьа инадҳәаланы Гарри Аршба имаҵура дамхын. Иара убас рмаҵурақәа ирымырхит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Казбек Кишмахов, Апрокурор хада Зураб Ачба, уи ихаҭыԥуаҩ Ешсоу Какалиа.

Ԥхынҷкәын 4 рзы Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵан Раули Смыр.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар реизарахь ԥхынҷкәын 5 рзы инаишьҭит Аԥсны Апрокурор хадас иҟаларазы Адгәыр Агрба икандидатура.

Адгәыр Агрба диит ажьырныҳәа 15, 1981 шықәса рзы. 2005 шықәса рзы ААУ, аҭоурых-зиндырратә факультет далгеит. 2002 шықәса раахыс азинхьчаратә усбарҭақәа рҿы аус иуеит. Ԥхынҷкәын 8, 2015 шықәса раахыс иара арратә прокурорс дыҟоуп.

Аицҵақәа рҭыԥ аԥсахра аицҵалыҵ ианыԥшуам, ма митингла акадрқәа шаҳԥсахуа

2014 шықәса раахыс Адгәыр Агрба аԥшьбатәи кандидатуп прокурор хадас иҟазааразы.

Апрокурор хада имаҵура дарҭар, ма дамырхыр алшоит Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа- Апарламент ахада иҟаиҵо ажәалагала инақәыршәаны.

Уи акандидатура иахәҭоу абжьқәа рхыԥхьаӡара имоур, ахада аусурамшқәа 30 рыҩнуҵҟа даҽа кандидатурак рыдигалароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0