Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какалиа Аԥсны аԥсыӡтә зауадқәа русуразы: ҳреиҷаҳауеит, аҭагылазаашьа бзиа рзаԥаҳҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАмиран Какалия
Амиран Какалия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны азауадқәа рыбжьара аԥсыӡкразы аквотақәа шеихшахо атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩатә комитет аиҳабы Амиран Какалиа.
Какалиа Аԥсны аԥсыӡтә зауадқәа русуразы: ҳреиҷаҳауеит, аҭагылазаашьа бзиа рзаԥаҳҵоит

"Иахьазы макьана аԥсыӡкразы аквотақәа шаӡам, урҭ быжь-зауадк Аԥсны иҟоу рыбжьара еихшахоит. Сынтәа 35 тонна аԥсыӡакра азин ыҟоуп. Аквотақәа реихшараҿы Аԥсны абиуџьеҭ ибзианы иҭазгало, иаҳа аус зуа, ауал зқәым уҳәа абас ҳахәаԥшны иаҳшоит. Азауадқәа рхаҭарнакцәеи ҳареи ақыҭанхамҩатә наплакы аҿы иҳаман аиҿцәажәара, аԥҟарақәа ртәы ргәалаҳаршәеит. Ҳара ҳреиҷаҳауеит урҭ азауадқәа, избанзар, уа ҳауаажәлар роуп аус зуа, аҳәынҭқарра аганахьала иҳалшо ала ирзаԥаҳҵоит аҭагылазаашьа бзиа. Аԥсыӡ иркуа ашылахь ииргароуп, мамзаргьы аԥсыӡтә шша алырхыроуп, ажәакала Аԥснытәи аалыҵк аҳасабала аҳәаанырцә ицароуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Какалиа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0