Урыстәыла атәылахьчара аминистрра акциа Аԥсны имҩаԥысуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция посвященная акции "Дорога памяти"
Пресс-конференция посвященная акции  Дорога памяти - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акциа "Агәалашәара амҩа" мҩаԥгахоит Аԥсны араионқәа хԥа– Очамчыратәи, Гәылрыԥшьтәи, Аҟәатәи рҿы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Акциа "Агәалашәара амҩа" азкуп Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны аиааира 75-шықәса ахыҵра. Иара мҩаԥгахоит Аԥсны – Очамчыратәи, Гәылрыԥшьтәи, Аҟәатәи араионқәа рҿы, иҳәеит Sputnik аҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿ Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Денис Лавриков.

Восстановление памятника  - Sputnik Аҧсны
Аибашьра ду аан иҭахаз рхашҭуам: аԥырҩцәа рбаҟақәа реиҭашьақәыргылара иаҿуп

Акциа аԥшьнагеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа. Иара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз асолдаҭцәа анышә иахьамадоу аҭыԥқәа рҟынтәи уаԥсҵәык-уаԥсҵәык анышә еизакны, акаԥсула иҭаҵаны, Урыстәыла арратә мчрақәа руахәама амемориалтә комплекс иахьаҵанакуа аҭыԥ ахь инагахоит.

"Москватәи аобласт Апатриотцәа рпарк аҿы аргылара иаҿуп Урыстәыла арратә мчрақәа руахәама хада. Ари баша уахәамам. Ара иҟалоит амемориалтә комплекс. Арахь иаҵанакуеит "Агәалашәара амҩа" агалереагьы", - иҳәоит Денис Лавриков.

Иара иазгәеиҭеит акциа аибашьра ахьцоз Европа атәылақәа рҟынгьы ишымҩаԥгахо.

Акциа "Агәалашәара амҩа" адгылара анаҭеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеигьы. Амузеи адиректор Мзиа Беиаԥҳа илҳәеит аибашьра ишалаӡыз 17 000-ҩык Аԥсны аҵеицәа.

"Аибашьра иалахәын ҳабацәа, ҳабдуцәа. Аԥснынтәи еибашьра ҳәа амҩа иқәлеит 55000-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рҟынтәи 17000-ҩык рышьҭахьҟа ихнымҳәӡеит. Ҳара гәыкала аԥшьгамҭа адгылара аҳҭоит", - лҳәеит лара.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ, арратә ҭоурыхҭҵааҩ Николаи Медвенски иҳәеит Аԥсны иахьаҵанакуа ишмаҷым аибашьра ду аан иҭахаз рнышәынҭрақәа.

Акциа "Агәалашәара амҩа" хыркәшахоит ԥхынҷкәын 20 асааҭ 12:00 рзы Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.

Акциа иахықәкы хадоуп – аҭоурых аиашара аиқәырхара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0