Габлиа: ақалақь архиара аныҳәатә гәалаҟазаара аԥҵараҿы иалшо рацәоуп
"Араион аҿы аицлабра бзиа ҳамоуп, адәқьанқәа рҿы аус зуа, дара хаҭа-хаҭала еицлабны иаҳа зтәы ԥшӡоу ҳәа идырхиоит рхыбрақәа. Уи аныҳәа ааира агәалаҟазаара аԥҵараҿы иалшо рацәоуп. Ашықәс ҿыц ауха асааҭ жәаҩа рзы афеиерверк ҟаҳҵарц ҳгәы иҭоуп, уи аамҭазы аԥсаӡ хада аҿы еизоит, ауаа еидныҳәалоит, ақыҭақәа рҟнытә имааргьы, Агәыӡера аҳабла анхацәа еизоит. Хаҭала сара сзы Ашықәс ҿыц ахәыҷра иадҳәалоуп, ахәыҷраамҭа аҟнытә иаауа агәыӷра, аамҭа еиҳагьы еиӷьхартә еиԥш агәазыҳәара. Ҳәарада, аныҳәа ахәыҷқәа рзы еиҳа иссируп адуцәа ҳзы аасҭа, аха уеизгьы-уеизгьы Ашықәс ҿыц абзиарақәа адаҳҳәалоит", - ҳәа азгәеиҭеит Габлиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.