Россотрудничество ареспубликаҿы жәа-шықәсатәи аусура аихшьаалақәа ҟанаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРоссотрудничество ареспубликаҿы жәа-шықәсатәи аусура аихшьаалақәа ҟанаҵеит
Россотрудничество ареспубликаҿы жәа-шықәсатәи аусура аихшьаалақәа ҟанаҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу аҭҵаарадырреи акультуреи рзы урыстәылатәи Ацентр ареспубликаҿы аусура аихшьаалақәа ҟаиҵеит ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха.

Россотрудничество Аԥсны аусура иалагеит ԥхынҷкәын 18 2009 шықәса рзы. Абарҭ аамҭақәа ирылагӡан инагӡаз апроектқәа ирылацәажәан Sputnik апресс-центр аҿы.

Sputnik

Аԥсны иҟоу аҭҵаарадырреи акультуреи рзы урыстәылатәи Ацентр ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха иазгәеиҭеит жәа-шықәса шаамҭа маҷым. Иара иҳәеит аиҿкаара аҭыԥантәи амчрақәа, аҵаратәи акультуратәи усбарҭақәа ирывагыланы аус шауа.

Аԥснытәи аҿари урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рнапхгаҩцәеи еиҿцәажәарц рылшоит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аҿари урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рнапхгаҩцәеи еиҿцәажәарц рылшоит

"Ҳара усхкны иҳамоу аҭҵаарадырра, акультура, аҵара роуп. Уи ус шакәу аанарԥшуеит урыстәыла-аԥснытәи агуманитартә еимадарақәа", - иҳәоит Чеха.

Россотрудничество аусура раԥхьа иргыланы аԥсуа уаажәларра аҭахрақәа ирықәшәоит, аԥсуа-аурыс еимадарақәа ирыцхраауеит ҳәа азгәеиҭеит иара. Жәа-шықәса рыҩныҵҟа Аԥсны Россотрудничество аус рацәа еиҿнакааит аҵара аганахь ала ҳәа иҳәеит Вадим Чеха.

"Раԥхьа иргыланы аԥсуа абитуриентцәа аквотақәа рыҭара хра амоуп. Убри аан раԥхьа иргыланы ареспублика аҭахрақәа ирықәшәо еиҿаҳкаауеит абри аус", - иҳәеит Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы.

Ииасыз ашықәс аан аиԥш сынтәагьы аквотақәа ҟалом аиуриспруденциа, аекономика, аполитологиа уҳәа ахырхарҭақәа рахь.

"Аквотақәа ареспубликаҿы иаҭахны иҟоу азанааҭқәа ирзырхазароуп. Аквотақәа еиҳарак иаҭахны иҟоуп атуризм, абиотехнологиақәа, афатәааглыхра, атранспорт, алогистика", - иҳәеит иара.

Аԥсныи Урыстәылеи иара убасгьы аинырра бзиа рымоуп акультура аганахь ала. Россотрудничество ахаҭарнакрагьы абри аганахь ала аусура ҭбаа мҩаԥнагоит ҳәа азгәеиҭеит Вадим Чеха.

"Имҩаԥысуеит мҽхакы ҭбаала аиԥыларақәа, ахәылԥазқәа. Ҳара ҳуснагӡатәқәа рахь анаԥхьара раҳҭоит изҭаху зегьы. Асоциалтә ҳақәа рҟны ҳсаит уи азы адырра шәнаҭоит", - азгәеиҭеит иара.

Иара иажәақәа рыла ааигәа еиҿкаахеит жәларбжьаратәи аинтеллектуалтә клуб "Диалог" – аԥсуа интеллегенциа еидызкыло. Россотрудничество ахаҭарнакра азхьаԥшра ду анаҭоит аҿартә политика ҳәа иҳәоит Вадим Чеха.

"Абри аганахь ала апроектқәа маҷымкәаа ус руеит. Иаҳҳәап, "Школа молодого лидера" иадҳаԥхьалоит зхы аазырԥшырц зҭаху аҿар", - азгәеиҭеит иара.

Акция Тотальный диктант в России - Sputnik Аҧсны
Россотрудничество аурыс бызшәа акурсқәа Аԥсны ирыцнаҵоит

Апроект алахәылацәа рзы азыҟаҵара ҷыдақәа, амастер-классқәа, атренингқәа мҩаԥыргоит, ԥхьаҟазы урҭ адыррақәа ахархәара рыҭазарц.

Иара убасгьы аҵак ду аманы иҟоуп аҵара цҵазы акультуратәии аҵаратәии усҳәарҭақәа аус рыцура ҳәа азгәеиҭоит Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы.

"Ҳусзуҩцәа ашколқәа рахь инеины еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәеи аиԥыларақәеи мҩаԥыргоит", - иҳәеит иара.

Россотрудничество аусура ду мҩаԥнагоит аҭоурыхтә гәалашәара анаӡаӡатәразы.

"Россотрудничество ахаҭарнакра имҩаԥнагоит абарҭ акциақәа: "Бессмертный полк", "Георгиевская ленточка". Абри аан исҳәарц сҭахуп аԥсуа уаажәларра аилкаара ду шҳарҭо", - иҳәеит иара.

Вадим Чеха иазгәеиҭеит Россотрудничество аурыс бызшәа акурсқәа шымҩаԥнаго, ԥхьаҟазы аиҿкаара апроектқәа еиҳагьы иарҭбаауеит ҳәа иҳәеит иара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0