АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ақыҭа Акаԥа акәша-мыкәша абнараҿ амцарцәара иаҿуп АҶА аусзуҩцәа, амца 70% рҟынӡа ирцәоуп иҳәеит Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥ аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.
"Хымш ирықәуп амцарцәаҩцәа рыбригада аус ауеижьҭеи. Араҟа аҭыԥқәа рызнеира уадаҩуп. Атехника знеиуам. Амцарцәаҩцәа уахь шьапыла инеины амца дырцәоит. Амцахыҵхырҭақәа аҳаракырақәа рҟноуп иахьыҟоу. Аԥша анасуа урҭ алада илбаауеит. Аҭыԥантәи ауааԥсырагьы ацхыраара ҟарҵоит, аха қәак амукәа, амца ҳзырцәом, аҭагылазаашьа ахылаԥшра шамоугьы", - иҳәеит иара.
Аԥсны иахьаҵанакуа абылрақәа азгәаҭоуп Аҟәа араион, Очамчыра араион, Гагра ашьхара иахьаԥну.
Аҟәа араион Акаԥа ақыҭан раԥхьатәи амцакратә ҭыԥқәа гәаҭан ԥхынҷкәын 21 рзы. Уа абылра иаҿын 10 гектарк рҟынӡа абнара.
Амцакрақәа рымзыз хада – ауаҩытәыҩсатә фактор ауп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Гындиа Акаԥа ақыҭан абна амцакразы: аԥсабара ҳацымхраар, амца аиааира уадаҩхоит
-
Акаԥа ақыҭан амцарцәараҿ аҭыԥантәи ауааԥсыра ацхыраара руеит
-
АҶА: амцакра ҿыцқәа аарԥшуп