Асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи Sputnik аԥхьаҩцәеи ашықәс азы иреиӷьу асахьа алырхит

© Sputnik / Томас ТхайцукСабина Кәарҷелиаԥҳа
Сабина Кәарҷелиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса рзы "Ашықәс иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" ҳәа ирылаҳәаз аиндаҭларахь ицәырган 45-ҩык асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа 73.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. "Ашықәс иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" ҳәа далкаауп асахьаҭыхыҩ қәыԥш Сабина Кәарҷелиаԥҳа. Лара аиндаҭларахь ицәырылгеит аҭыхымҭа "Дучка даԥхьоит".

Сабина Кәарҷелиаԥҳа раԥхьаӡа акәны аиндаҭлара далахәуп. Лара лгәаанагарала, аиндаҭлара угәы азҭанаҵоит.

"Даара сеигәырӷьоит актәи аҭыԥ ахьсаҭәашьахаз. Сара уи сақәгәыӷуамызт. Асахьа ҭыхын 2019 шықәса рзы. Асахьаҿ иарбоу санду лаҳәшьа Дучка лоуп. Лсахьа анҭысхуаз, иҭысхыр лҭахымызт, наҟ дхьаҳәуан. Лара илдыруеит асахьа аиааира шаиуз. Ианласҳәа, даара лгәы ҟанаҵеит", - лҳәоит лара.

Аҩбатәи аҭыԥ аиуит Мактина Ҵәыџьԥҳа лусумҭа "Ацәа", ахԥатәи – Адгәыр Ԥлиа иусумҭа "Аӡиа Риҵа".

© Sputnik / Томас ТхайцукМактина Ҵәыџьԥҳа. "Аԥхыӡ"
Мактина Ҵәыџьԥҳа. Аԥхыӡ - Sputnik Аҧсны
1/2
Мактина Ҵәыџьԥҳа. "Аԥхыӡ"
© Sputnik / Томас ТхайцукАдгәыр Ԥлиа. "Аӡиа Риҵа"
Адгәыр Ԥлиа. Аӡиа Риҵа - Sputnik Аҧсны
2/2
Адгәыр Ԥлиа. "Аӡиа Риҵа"
1/2
Мактина Ҵәыџьԥҳа. "Аԥхыӡ"
2/2
Адгәыр Ԥлиа. "Аӡиа Риҵа"

Ԥхынҷкәын 20 - 25 рзы Sputnik Аԥсны асаит аҟны имҩаԥган иреиӷьу асахьаҭыхыҩ иалхразы абжьыҭара. Sputnik аԥхьаҩцәа ргәаанагарала, аԥыжәара иҭан Ҭемыр Ҵәыџьба иусумҭа "Аҩыза иаша" азы.

© Sputnik / Томас ТхайцукSputnik Аԥсны аԥхьаҩцәа рыбжьыҭарала аиааира згаз Ҭемыр Ҵәыџьба иусумҭа "Аҩыза иаша"
Асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи Sputnik аԥхьаҩцәеи ашықәс азы иреиӷьу асахьа алырхит - Sputnik Аҧсны
Sputnik Аԥсны аԥхьаҩцәа рыбжьыҭарала аиааира згаз Ҭемыр Ҵәыџьба иусумҭа "Аҩыза иаша"

 

"Ҳара Sputnik ахьӡала асертификат ҳамҭас иаҳҭеит. Уи алшара инаҭоит иазыԥҵәоу ахәԥсала асахьаҭыхратә салон аҟны ииҭаху амаҭәахә аахәара, ма амаҵзура ахә ахшәаара", - лҳәеит амаҵзура апресс-маӡаныҟәгаҩ Илона Авилова.

© SputnikSputnik Аԥсны аиааира зырҭаз асахьаҭыхҩы Ҭемыр Ҵәыџьба
Асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи Sputnik аԥхьаҩцәеи ашықәс азы иреиӷьу асахьа алырхит - Sputnik Аҧсны
Sputnik Аԥсны аиааира зырҭаз асахьаҭыхҩы Ҭемыр Ҵәыџьба

Сынтәа "Ашықәсаз иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" ҳәа ахьӡ аԥсахаразы иқәгылан 45-ҩык асахьаҭыхыҩцәа. Акомиссиа иаднакылеит 73 усумҭа.

Инагаз аусумҭақәа зегьы абри ашықәс азы иаԥҵаз роуп, ус зыҟаҵоу асахьаҭыхыҩцәа аус днарурц азоуп. Темала ҳәа акы алкааны иҟаӡамызт, асахьаҭыхыҩ идунеихәаԥшышьа шыҟоу, иара изааигәоу, иаԥсоуп ҳәа ззиҳәо аусумҭа неигар алшон.

© Sputnik / Томас ТхайцукАицлабра мҩаԥыргоит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рыдгылареи Аԥсны асахьаҭыхратә ҟазара арҿиареи рзы
Асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи Sputnik аԥхьаҩцәеи ашықәс азы иреиӷьу асахьа алырхит - Sputnik Аҧсны
Аицлабра мҩаԥыргоит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рыдгылареи Аԥсны асахьаҭыхратә ҟазара арҿиареи рзы

Ари аконкурс мҩаԥыргоижьҭеи 13 шықәса ҵуеит. Уи хықәкы хадас иамоуп Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа рыдгылареи ассахьаҭыхратә ҟазара аҿиара ацхраареи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0