Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аԥсны абыргцәа рхеилах аиҳабы Шьынқәба: Ашықәс ҿыц иаанагааит аизыразра

© Sputnik / Томас ТхайцукАпполон Шинкуба
Апполон Шинкуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Шьынқәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы аԥсуа жәлар дрыдныҳәалеит.
Аполлон Шьынқәба: Ашықәс ҿыц иаанагаит аизыразра

"Ҳауаажәлар, ишәыдысныҳәалоит ҳазҭало Ашықәс ҿыц. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч ӷәӷәа, аизҳазыӷьара, аҿиара. Ҭаацәацыԥхьаӡа, хәыҷи-дуи рыбжьара иҟалааит аҳәоуеиқәшәара, ҳауаажәлари анапхгареи рыбжьара иҟалааит аилибакаареи аизыразреи. Хашҭра рықәымзааит Аԥсны зхы ақәызҵаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, хьӡи-ԥшеи рыгымзааит агәымшәа фырхацәа. Аԥеиԥш лаша рзыԥшызааит Аԥсны гәыӷырҭас иамоу аҵеира лаша. Амашәыр рцәыхаразааит Аԥсны аҭынчраз уахгьы-ҽынгьы уи аҳәаақәа зыхьчо ҳҵеицәа. Ҽаанбзиала! Шьардаамҭа, ҳауаажәлар! Мышьҭабзиала шәҭалааит иааиуа 2020-тәи ашықәс", - ҳәа иҳәеит Шьынқәба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0