Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҟәысба еиҭеиҳәеит Аԥсуаа ркультуратә хеилакқәа рфедерациа аусуреи ахықәки ртәы

© Sputnik / Зафас ГамгияАтанур Акусба
Атанур Акусба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуаа ркультуратә хеилакқәа рфедерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысба арадио Sputnik аефир аҟны ашықәс азы русура еихыишьаалеит, иара убас иҳәеит рхықәкы хадақәа ртәы.
Аҟәысба еиҭеиҳәеит Аԥсуаа ркультуратә хеилакқәа рфедерациа аусуреи ахықәки ртәы

"Ҩышықәса ҵит аус ҳуеижьҭеи, даҽа ҩышықәса ҳажәлар агәрагара ҳарҭеит аус ҳурц. Араҟа инхо ҳдиаспора ирыгу рбызшәа, рлеишәа-рқьабз ахьчара иадҳәалоу азҵаарақәа, насгьы аҳәынҭқарра аганахьала иҟоу алшара ҳхы архәра, ҳажәлар реидкылара хыбрак аҵаҟа уҳәа хықәкыс иҳаман. Иҟоуп иҳалшаз, ҳазхьымӡаз, аус здаҳуло. Иааидкыланы уахәаԥшуазар иҳаҩсыз ашықәс азы уи аганахьала маҷк иацаҳҵеит ҳәа. Аԥсуаа рхеидкылақәа афедерациа 13 хеидкыла ыҟан, уажәшьҭа 16 ҟалеит. Иҟоуп даҽа хԥа аус здаҳуло, урҭгьы ари раԥхьатәи амза иалагӡаны ҳфедерациа иалалоит. Хымԥада, ари ус ддуп. Ҳаԥсуа жәлар араҟа иқәынхо Кавказ иқәҵны иааз амилаҭқәа ҳәа ирылакны ирыларыԥхьаӡоит, уажәшьҭа дара аԥсуа милаҭ ишалҵыз, дара ишрыхәҭоу рыхьӡала реиҿкаара, хымԥада, иус дууп ҳәа иҳаԥхьаӡоит. 16 хеидкыла ыҟоуп, ахыԥхьаӡара 25 рҟынӡагьы инагӡахоит ҳәа ҳхәыцуеит. Абри аныҟаҳҵалак, ҳажәлар зегьы хыбрак аҟны еидкыланы, ҭоурыхла рыжәла, рыхьыӡқәа, рбызшәа, рыԥсадгьыли дареи реимадара апрограмма еиҿкаахоит. Убасгьы араҟа адиаспора аҟны имҩаԥгатәу аполитика, Аԥсны ҳҳәынҭқарреи ҳареи ҳаимадара, ҳаицныҟәашьа апрограмма ҟаҵаны, ҳбызшәа арҿиаразы, ҳмилаҭҭә хдырра, ҳахшыҩҵакқәа рыхьчаразы алшара ҳауеит. Раԥхьа иргыланы уи азы иҟаҵатәу џьара ҳаидкылатәуп, насгьы Кавказ иқәҵны иааз егьырҭ ҳашьцәеи ҳареи ҳаимадарақәа, ҳамчқәа реидҵара ҳазхыцроуп, ҳҳәоу ахьеиқәшәо гәаҳҭароуп, ҳхатәы политика мҩаԥаҳгартә алшара ҳауеит", - иҳәеит Аҟәысба.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0