Иран аҿы ақәшаҳаҭхеит украинатәи аҳаирплан машәырла ишҭанархаз

© AFP 2023 / -Иран аҿы ақәшаҳаҭхеит украинатәи аҳаирплан машәырла ишҭанархаз
Иран аҿы ақәшаҳаҭхеит украинатәи аҳаирплан машәырла ишҭанархаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Украина жәларбжьаратәи авиацәаҳәақәа" иатәыз Киевҟа ицоз аҳаирплан Boeing 737-800 ахаша ашьыжь Тегерантәи аҳаиртә баӷәаза аҟынтәи ианышьҭыԥраа ашьҭахь хара имгакәа икаҳаит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Иран аҿы ақәшаҳаҭхеит украинатәи аҳаирплан машәырла ишҭанархаз, "ауаҩытәыҩсатә гха" аҭыԥ шамоу. Абри атәы Twitter аҿы иҩит Иран ААР аминистр Џьавад Зариф.

"Угәы узырхьуа амш. Аҩнуҵҟатә ҭҵаарақәа заанаҵтәи рылкаақәа инарықәыршәаны ЕАА рыпровокациатә авантиуризм иахҟьаз акризис аамҭазы ауаҩытәыҩсатә гха арыцҳарахь икылнагеит", - ҳәа иҩуеит аминистр.

​Иран арратә мчқәа рыштаб хадаҿы иазгәарҭеит аҳаирплан Исламтәи ареволиуциа ахьчаҩцәа Ркорпус арратә обиектқәа рааигәара иахаԥрит, уи ауп акажьрагьы зыхҟьаз ҳәа.

Ажьырныҳәа 8 рзы "Украина жәларбжьаратәи авиацәаҳәақәа" иатәыз Киевҟа ицоз аҳаирплан Boeing 737-800 ахаша, ашьыжь Тегерантәи аҳаиртә баӷәаза аҟынтәи ианышьҭыԥраа ашьҭахь хара имгакәа икаҳаит.

Иҭахеит 176-ҩык Афганистан, Германиа, Иран, Канада, Украина, Великобританиа, Швециа ртәылауаа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0