Ҳагба атәыла ахада иалхразы: иаҳзымҩаԥгома асҟак аибарххара ахьыҟоу аҳәынҭқарраҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Хагба
Беслан Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ҳтәылаҿы имҩаԥысуаз аполитикатә еибарххара ахәшьара аиҭеит.
Ҳагба атәыла ахада иалхразы: иаҳзымҩаԥгома асҟак аибарххара ахьыҟоу аҳәынҭқарраҿы

"Аполитикатә процессқәа аҵыхәтәантәи сгәы каҳан ауп сышрыхәаԥшуа. Угәы шьҭызхша акымзарак ыҟаӡам. Аиеи, аҳәынҭқарра ахада дахаҳҳәеит, аха нас ҳҿаԥхьа иқәгылоит азҵаара, нас иаҳԥеиԥшхои. Абри ауп азҵаара хада. Ақәԥарыла аҳәынҭқар иамхра ари Аԥсны ахьыӡ ланырҟәуеит. Хымз роуп иаанхаз алхрақәа рҟынӡа, иаҳзымҩаԥгома алхрақәа, иаҳзымҩаԥгома иахәҭоу ареформақәа азакәан аганахьала, абысҟак аибарххара ахьамоу аҳәынҭқарраҿы? Насгьы дыҟоума аҳәынҭқарраҿы иахьа напхгара азҭаша абаҩхатәра, адырра змоу аполитикцәа. Хынтә ԥшьынтә иакәшаны иаахьеит зегьы, убри ауп рыцҳарас иҟалаз", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0