Путин иҳәеит "Ан лмал" ажьырныҳәамза инаркны актәи ахәыҷы иираан ишшәахо

CC0 / / Ребенок
Ребенок - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩбатәи ахшара изы "ан лмал" 150 000 мааҭ ишьҭыҵуеит, иара ахышәа-ҵышәа 616000 мааҭ ихалоит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Афедералтә еизарахь инашьҭымҭаан анапынҵа ҟаиҵеит "ан лмал" апрограмма 2026 шықәсанӡа инахазарц. Владимир Путин иҳәеит 2020 шықәса ажьырныҳәамза инаркны актәи ахәыҷы иираан ишшәахо.

Аҩбатәи ахшара изы "ан лмал" 150 000 мааҭ ишьҭыҵуеит, иара ахышәа-ҵышәа 616 000 мааҭ ихалоит. Уи аиндексациа азухоит.

Хҩык ахшара змоу аҭаацәарақәа рипотекатә кредит 450 000 мааҭ аҳәынҭқарра иашәоит. Иахьатәи аамҭазы "ан лмал" 453 000 мааҭ ыҟоуп. 2020 шықәса рзы 466 000 мааҭ ҟалоит, 2021 шықәса рзы — 489 000 мааҭ.

"Аиразы акоеффицент еизга 2019 шықәсазы иарбагоуп 1,5. Еиҿҳарԥшуазар, Аџьынџьтәылатә еибашьраан, 1943 шықәса рзы - 1,3 ыҟан. Ари ҳтәылазы ирацәоу имаҷу? Имаҷуп. Европатәи тәылақәак рзы арҭ арбагақәа бзиазар, ҳара ҳзы илҵшәа бзиуоп ҳәа ҳазҳәом. Иҟоу азыԥхьагәаҭарақәагьы угәы дырҭынчуа иҟам", - иҳәеит Путин Афедералтә еизараҿы иқәгылараан.

Аҩбатәи ахԥатәи ахшара рираан ма урҭ ԥас ма ԥҳас ргараан аҳәынҭқарратә ухыраара Урыстәыла аҟаҵара иалагеит 2007 шықәса раахыс, 2021 шықәсанӡагьы апрограмма арбан. Уажәы иара аиҭа хәышықәса иацҵоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0