Адунеи ақьырсианцәа Аӡаахра амш азгәарҭараны иҟоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Адунеи ақьырсианцәа Аӡаахра амш азгәарҭоит
Адунеи ақьырсианцәа Аӡаахра амш азгәарҭоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа Анцәа Иӡаахра азгәарҭоит ажьырныҳәа 19 рзы. Есышықәса ари аныҳәамш аԥыларазы Аԥсны аԥшьаҭыԥқәа рахь зықьҩыла ауаа аауеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Иаҳхылаԥшхәу Иӡаахра амш ақьырсианцәа зегьы ирзеиԥшу ныҳәоуп. Аԥсны атәылауаагьы иара азгәарҭоит иҳәеит Аԥшьа Иоаан Ахьыҿаԥыц Камантәи иберҭыԥ ахылаԥшҩы Игнати (Кьиут).

Ажьырныҳәа 19 ахәылбыҽхазы Қьырса Иӡаахра Аныҳәа азы ацқьа Василиск иӡыхь аҿықәаҟны аныҳәара мҩаԥгахоит.

Никита Адлейба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Адлеиба: Аӡӡаахра амш аҽазыҟаҵара иахәҭакуп уи аԥхьа мышкы ачгара

"Ажьырныҳәа зегьы аныҳәамшқәа рацәоуп. Ҳара уажәы Анцәа Иӡаахра ҳҽазыҟаҳҵоит. Есышықәса зқьҩыла ауаа аҳәаанырцәынтәи ацқьа Василиск иӡыхь иаҭаауеит. Еиҳарак ирацәаҩны еизоит Қьырса Иӡаахра амш азы. Аҭыԥантәи аԥсуаа рыда арахь имҩахыҵуеит ақьырсианцәа Урыстәыла еиуеиԥшым акәакьқәа рҟынтә", – иҳәеит Игнати (Кьиут).

Иоанн Ахьыҿаԥыц иуахәама аусзуҩ Игнати (Кьиут) ишазгәеиҭаз ала, аӡыхь ахылҵшьҭра ацқьа Василиск, Иоанн Ахьыҿаԥыц, Иоанн Аӡаахҩы рыхьӡқәа ирыдҳәалоуп.

Аԥсны иахьаҵанакуа Анцәа иӡаахра иадҳәалоу Анцәа имҵаныҳәарақәа мҩаԥысуеит ажьырныҳәа 18-19 рзы, Аҟәа, Гагра, Гәылрыԥшь, Гәдоуҭа, Очамчыра, Гал араионқәа рҿы.

"Ажьырныҳәа 17 рзы Анцәа иашьапкра мҩаԥаагоит. Ажьырныҳәа 18 ашьыжьгьы иацаҳҵоит. Ауха ауп аӡаахратә шьапкра аныҟаҳҵо", - иҳәоит аб Игнати.

Аныҳәа ауха амцақәа еиқәырҵоит зыҽӡаазхуа рыҽдырԥхаларц азы.

Аб Игнати иажәақәа рыла ҵыԥх Камантәи аберҭыԥ иаҭааит 30 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Анцәа ианиашьапклак ашьҭахь зегьы аӡыԥшьа рықәырҭәоит.

"Аӡыԥшьа амч ду амоуп. Ауаа рчымазарақәа канаԥсоит. Иҟан ауаа аҭыԥ аҿыҵәҟьа зчымазара казыжьуаз", - иҳәоит иара.

Анцәа дхазҵо, аха абри ауха аҩны иҟоугьы Аӡаахра аныҳәаз Анцәа иҳәалар ҟалоит. Аӡаахра ауха аӡқәа зегьы ԥшьоуп, аҩны иухьуршаргьы ҟалоит.

Арҭ амшқәа рзы ауахәамақәа рҟны имҩаԥысуа аныҳәарақәа Аӡаахра иадҳәалоуп. Ажәытәан Иаса Қьырса иирагьы иӡаахрагьы мышкы иазгәарҭон. Иара ихазы аҽӡаахра ԥсыхәа амамкәан иҟамызт. Аха аӡы иҽӡааихит, иҽҭишьит, уи ала адунеи аӡқәа зегьы ррыцқьаразы. Ари аныҳәазы ишыхьҭоугьы, изылшо, згәы иаҭаху аӡы иҭалоит ҩнуҵҟалагьы, цәеижьлагьы аҽрыцқьаразы.

Адунеи еихаӷәӷәа-еиҵаӷәӷәа ианыҟала: Қьырса аныҳәа ду аԥсуаа рҿы ишазгәарҭо - Sputnik Аҧсны
Адунеи еихаӷәӷәа-еиҵаӷәӷәа ианыҟала: Қьырса аныҳәа ду аԥсуаа рҿы ишазгәарҭо

Қьырса ныҳәа инаркны Аӡаахра аҟынӡа (ажьырныҳәа 7 инаркны 19-нӡа) иԥшьоу, ицқьоу амшқәа ҳәа ирышьҭоуп. Аныҳәа мышкы шыбжьоу чгара мшуп.

Аҽӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит 30 шықәса ирҭагылаз Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа.

Аӡаахра амшныҳәа ақьырсианцәа иазгәарҭо иалагеит апостолтә аамҭақәа рзы. Ажәытәан Қьырсеи Анцәаибареи мышкны иҟан, аха аамҭақәак рыла ауахәама урҭ аныҳәақәа еиднагеит. Есышықәса Аӡаахра амш аҽни аухеи аиашахаҵаратә уахәамақәа рҟны аҵак дуӡӡа змоу аӡыԥшьара мҩаԥыргоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0