Аԥснытәи акамертә оркестр Москва иқәгылоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Скрипка
 Скрипка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконцерт мҩаԥысуеит Москватәи аконсерваториа, Аԥсны акультура аминистрра, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа, Москва иҟоу аԥсуа диаспора рыцхыраарала.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Пиотр Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аконсерваториа Рахманинов изал аҟны жәабран 1 азы имҩаԥысраны иҟоуп Аԥснытәи акамертә оркестр аконцерт. Абри атәы аанацҳауеит ареспублика Акультура аминистрра.

Аконцерт иалахәуп: Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Маргарита Спиридонова (альт), Алина Павлова (аскрипка) Максим Орехов (гобои), Вадим Судаков ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә капелла артистцәа.

Аоркестр асахьаркыратә напхгаҩы, адирижиор хада –Давид Терзиан. Асолист - Виктор Абрамиан-Ешба (аскрипка). Иара убасгьы аконцерт иалахәхоит Аԥсни Урыстәылеи рыскрипкарҳәаҩцәа қәыԥшцәа - Мариа Емилиа Терзиан-Ҳагбеи Грант Башмети.

"Аконцерт апрограммаҿ иҟоуп Бах, Гендель, Моцарт, Гаидн, Петров рырҿиамҭақәа", - аҳәоит Акультура аминистрра апресс-релиз.

Абҵара 14 рзы Санкт-Петербург имҩаԥысуаз VIII Жәларбжьаратәи акультуратә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны анапы аҵаҩын 2020-2022 шықәсазтәи аусеицуратә план.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0