АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Маҷара ақыҭан амҩатә машәыр аԥсыҭбарақәа ацуп, ҩыџьа ауаа ҭахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.
Автомашьынақәа ҩба - "ГАЗели" амашьына лас Toyota. "ГАЗель" аԥсҟы зкыз дҭахеит. Иара убас дҭахеит Toyota иҭатәаз. Уи аԥсҟы икызу пассаџьырны дыҟазу еилкаам.
Амҩатә машәыр ҟалеит ҳәа адырра ҟаҵан асааҭ 17:09 рзы. "ГАЗели" Toyota ааихеит, уи ашьҭахь амашьынақәа ирҭатәаз ауааԥсыра ҭыргеит АҶА аусзуҩцәа неиаанӡа.