Китаи акиви жәытә-натә аахыс абнақәа рҿы ирыҟәшәон. Аха еиҳарак ахархәара анаиуз инаркны уамак ҵуам, ҩынҩажәижәабаҟа шықәса роуп. Ааглыхратә хкқәа раԥхьа иахьаадрыхыз Новаиа Зеландиа ауп. Уантәи егьырҭ атәылақәа рахь ишьҭын. Уажәазы еиҳарак акиви аазрыхуа атәылақәа ҳәа иҟоуп — Новаиа Зеландиа, Италиа, Франциа, Еиду Америкатә Штатқәа, Иапониа, Испаниа, Грециа.
Аԥсны акиви раԥхьаӡа акәны иқәнагалеит 25 шықәса раԥхьа, уи аазгаз аҵарауаҩ, анхамҩа-аҭҵааратә институт адиректор Лиосик Аиба иоуп.
Акиви ирацәаны иалоуп авитамин С, уи иабзоураны иара даара ибзиоуп хәшәык аҳасабала ауаҩы ахьҭа илалазар. Акиви ашьа қәыӷәӷәара ланарҟәуеит, акалии амагнии рацәаны иахьалоу азын. Аха џьоукы аллергиа рызцәырнагар алшоит.