Алхратә комиссиа хадаҟны иаԥҵоу Алингвисттә комиссиа аилатәара мҩаԥысит ажьырныҳәа 21 рзы.
"Аԥсны ахадарахьы зхы ықәзыргыло акандидат аԥсшәа идыруа- изымдыруа ашьақәыргыларазы аԥҟарақәа ыҟоуп. Иара иҳаилиркаауеит инысымҩа, аполитикатә текст, ажәабжьк ҳанизаԥхьалак иҩуеит, атекст даԥхьаны иаҳзеиҭеиҳәоит. Уи ашьҭахь аиҿцәажәара мҩаԥысуеит. Уи аҟны иааԥшуеит ҳкандидат усуратә бызшәаны аԥсшәа ахьынӡаимоу. Иаҳхысыз алхрақәа иаҳдырбеит аԥсшәа иахьынӡахәҭоу усуратә бызшәаны измам акандидатцәа рышҽықәдыргылаз, акомиссиа иахысит. Ус анакәха, ари иаҳнарбоит иҵегьы ишырӷәӷәатәу аҳәынҭқарратә бызшәа адырра", - иҳәеит Коӷониа.
Иара иазгәеиҭеит аԥсуа ҳәынҭқарра ахадас иҟаларц зҭаху ихатәы бызшәа бзианы идыруазароуп ҳәа.
"Сара бжьык сымоуп акомиссиа аҟны. Аԥсшәа аҳра амаиур Аԥсны, аԥсуа ҳәынҭқарра аргылара- хжьароуп, убри аҟынтә снапы урҵәиит ҳәа, абжьы исҭаӡом", - иҳәеит Коӷониа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Алингвистикатә комиссиа атәыла ахадарахь акандидатцәа рзы аԥышәара дырӷәӷәоит