Апарламент аҟны уаҟьан-чаҟьан: адепутатцәа реимаки апресса дәылҵырц ишрыҳәази

© SputnikАпарламент аҟны уаҟьан-чаҟьан: адепутатцәа реимаки апресса дәылҵырц ишрыҳәази
Апарламент аҟны уаҟьан-чаҟьан: адепутатцәа реимаки апресса дәылҵырц ишрыҳәази - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара иазырхаз Жәлар Реизара ауааԥсыра рахь иҟанаҵаз ааԥхьара иаԥхьартә гәыԥҩык адепутатцәа изырымуз, уи ааԥхьара ахкьыԥхьаа ԥызжәаз рыуа дарбан уҳәа Апарламент аилатәараҿы еимаркыз Sputnik анҵамҭаҿы.

Ахаша, ажьырныҳәа 22 рзы апарламентарицәа еизеит даҽазныкгьы атәылаҿ аполитикатә ҭагылазаашьа алацәажәаразы.

Sputnik

Аиԥылара аартуа, Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа иазгәеиҭеит Аԥсны аполитикатә кризис анцәа иџьшьаны ауааԥсыра рзы ибааԥсыз апроцессқәа рахь икылнамгеит ҳәа.

"Атәыла уаанӡатәи ахада идгылаз рҟынтәи иҟоуп хатәгәаԥхарала змаҵурақәа шьҭазҵаз. Ахада инапынҵақәа назыгӡо урҭ рҭахра дазыразхеит. Ажьырныҳәа 18 рзы иаркыз адепутаттә еизара мҩаԥган. Ҳаиқәшаҳаҭхеит арзаҳалқәа зыҩуа аангыларц рыҳәара ҳаламгарц, аха ахада ҿыц далаҳхаанӡа амаҵурауаа ҿыцқәа раҭара ҳҽацәхьаҳкырц", - иҳәеит иара.

Иара убри аан иҳәеит џьоукы-џьоукы ахада инапынҵақәа назыгӡо иахь инеины адҵақәа шыҟарҵо "ари дамх, ани даҭ" ҳәа.

"Ахада инапынҵақәа назыгӡо ақәыӷәӷәара изыруеит. Уи игәабзиара аганахьала апроблемақәа цәырнагеит. Ҳара уажәы зегьы еиҟароу ҳауп, аҭагылазаашьа зҳаруадаҩрызеи?" - иҳәеит иара.

Ҟәардәк аӡәы иҵхны даҽаӡәы иҵаргылара, мамзаргьы 20-тәи ахәҭаҷи аиҭалхрақәеи - Sputnik Аҧсны
Ҟәардәк аӡәы иҵхны даҽаӡәы иҵаргылара, мамзаргьы 20-тәи ахәҭаҷи аиҭалхрақәеи

Кәарҷиа иажәақәа рыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ԥхьатәара ацара дшазыхиоу реицәажәараан иҳәахьан, асеиԥшқәа ирҟәамҵыр.

"Адепутатцәа жәпаҩыки сареи иазаҳаԥхьаӡоит ажәлар рахь ааԥхьара ҟаҳҵарц. Алхра ҿыцқәа ишахәҭоу еиԥш имҩаԥгатәуп", - иҳәеит иара.

Анаҩс ажәа згаз адепутат Дмитри Дбар иҳәеит ахада имаҵура аныҟәгара шыуадаҩу.

"Аҳәынҭқарра анапхгара мариаӡам. Валери Рамшьыхә-иԥа уи идыруазар акәын. Иара иеиԥш, ҳаргьы ҳгәы ҭынчым. Иара ажәларгьы иаҳҳәап атәанчаҩхәқәа ахьылаҟәу азы агәҭынчымра рымоуп. Џьара аӡә дааины акы иҳәазаргьы, иаразнак ахәышәтәырҭахь ҳаҩны ҳцоит, Апарламенти аиҳабыреи убрахь иналаҵаны", - иҳәеит иара.

Дмитри Дбар иазгәеиҭеит џьара маҵурак аҟны аӡә дашәҭ ҳәа Валери Бганба аӡә дидгылазаргьы, ус хьаас ишыҟаҵатәым.

"Ииасыз алхрақәа раан административтә ресурс ахы иахьынӡархәаз жәбеит. "Абхазтоп" ацхыраарала ауаа ргәы ҟарҵон, амҩақәа шьҭарҵон, уажәы уа 250 миллион мааҭ ыӡны иҟоуп. Абасеиԥшқәа ҟамларц азы ахада инапынҵақәа назыгӡогьы ҭынч аоппозициаа дрыҿцәажәалароуп", - иҳәеит адепутат.

Адепутат Лаша Ашәба иазгәеиҭеит адепутатцәа зааԥхьоу ахада инапынҵақәа назыгӡо изыруа ҳәа ирҳәо ақәыӷәӷәаразы акәзар, иаргьы дааԥхьатәын, уи иҿаҿы иазҵаатәын иҟоу ахҭысқәа ртәы ҳәа.

ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны
АКХ адепутатцәа рахь "Аԥсны ахада иалхразы" Азакәан ариашаразы ажәалагала нанашьҭит

"Ҳара иахьа арахь ҳааит излацәажәараны иҟоу ҳзымдыруа. Иахьынӡаздыруа ала, Бганба қәыӷәӷәарак изыҟарымҵацт. Еидаҳкылозар, 2014 шықәса рзы акәын ақәыӷәӷәарақәа аҭыԥ анрымаз, ауаа рҭыԥқәа ианырхырцоз. Иахьазы усеиԥш акгьы аабом. Усеиԥш аҭыԥ амазар, ахада инапынҵақәа назыгӡо даашәыԥхьа. Иҟоу шыҟоу иҳәааит", - иҳәеит адепутат.

Адепутат Илиа Гәниа иакәзар, дазҵааит аизараҿы ахада инапынҵақәа назыгӡо дзыҟам.

Иара иарҳәеит Валери Бганба игәамбзиара иахҟьаны аизара дышзалахәымхаз. Гәниа уи аҭакс иазгәеиҭеит Бганба игәамбзиара Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ иаҭара ишаԥырхагамхаз.

Тамаз Гогия  - Sputnik Аҧсны
Гогьиа алхра ҿыцқәа ирԥырхагоу азиндырратә еиқәымшәарақәа ртәы далацәажәеит

Валери Кәарҷиа аизараҟны аҳәара ҟаиҵеит Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара атекст иаԥхьазарц. Депутатцәақәак уи иаҿагылеит.

"Валери Еремеи-иԥа, шәара еиҭахгьы акулуартә фокусқәа шәырҿуп. Шәынтә ҳшәыҳәахьеит ҳаргьы уи алацәажәараан ҳаашәыԥхьаларц. ҳаргьы аҩышьеи аԥхьашьеи ҳдыруеит", - иҳәеит адепутат Омар Џьынџьал.

Лаша Ашәба ицәырыргаз Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара аҭахны иҟоуп ҳәа агәыҩбара изцәырҵит.

"Ас еиԥш иҟоу атекстқәа еиҳагьы ауаа еиҿанаргылоит", - иҳәеит иара.

Адепутат Рауль Лолуагьы ари ааԥхьара акритика азиуит.

"Шәҽыҵәахны арҭ рҩызцәа ақьаадқәа еиҵашәымҟәаҟәалан, уи аӡәгьы иурбар ҟалом. Ари ааԥхьараҟны раԥхьатәи ажәақәа инадыркны апровокациақәа ирылагоит. Шәара аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара атәы шәҳәоит, аха ари аҭагылазаашьа амцаҵрароуп иззырхоу", - иҳәеит Лолуа.

Лолуа данықәгылоз, адепутат Александр Анқәаб ааԥхьара дшақәшаҳаҭмыз зегьы идырбо ахкьыԥхьаа ԥжәаны ишьҭеиҵеит.

Апарламент аиҳабы ирыдигалеит Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара атекст аредакциа азызуша адепутатцәа русутә гәыԥ аԥырҵарц. Аха убри аан апарламентарицәа аӡәырҩы ҳазҭагылоу аамҭазы арҭ рҩызцәа ааԥхьара зынӡаск иаҭахны иҟаӡам. Анаҩс Валери Кәарҷиа ажурналистцәа аилатәара ауадаҟынтә идәылҵырц дрыҳәеит, аилатәара хыркәшоуп ҳәа рылаҳәаны.

Адепутатцәа ахцәажәаразы иаангылеит, ари аҩыза ааԥхьара аҟаҵара аҭаху иаҭахыму аӡбаразы. Аҵыхәтәаны уи уеизгьы-уеизгьы ирыдрымкылеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0