Акоронавирус иахырҟьаны Урыстәыла аҳәаақәа анаркит

© Sputnik / Kirill Kallinikov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкоронавирус иахырҟьаны Урыстәыла аҳәаақәа анаркит
Акоронавирус иахырҟьаны Урыстәыла аҳәаақәа анаркит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ААР атәылауаа ирабжьнагеит Китаиҟа ацара рҽацәхьаркырц, атәыла аиҳабыра ирыӡбеит Мрагылара Хараҟны аҳәаа аркра.

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Акоронавирус Китаи ацәырҵра иахҟьаны Урыстәыла ажьырныҳәа 30 инаркны КЖәР атәылауаа рвизақәа аднакылом.

"Аамҭала, акоронавирус Китаи ацәырҵра иахҟьаны Урыстәыла ажьырныҳәа 30 инаркны Китаитәи Жәлар Рреспублика атәылауаа рвизақәа аднакылом", - ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

Адәныҟаполитикатә усбарҭа атәылауаа ирабжьнагеит Китаиҟа ацара рҽацәхьаркырц. Уи адагьы атәыла аиҳабыра ирыӡбеит Мрагылара Хараҟны аҳәаа аркра. Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Иара ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова лнапы ианиҵеит есыҽны ауаа иҟоу аҭагылазаашьази авирус аҽацәыхьчашьази адырра рылҭаларц.

Акоронавирус Китаи апровинциақәа зегьы рҿы ицәырҵит - Sputnik Аҧсны
Акоронавирус Китаи апровинциақәа зегьы рҿы ицәырҵит

Акоронавирус хк-ҿыц 2019-nCoV уажәазы ирылаҽит ҳәа ишьоуп 7,6 нызқьҩык ауааԥсыра.

Ажьырныҳәа 30 рзы Китаи иаанымхеит провинциак авирус ахы ахьцәырнамгаз. Урыстәыла аҵакырахь авирус аамышьҭразы аҳәаа-аушьҭырҭатә ҭыԥқәа анаркит ҳәа лҳәоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова.

Авирус цәырҵит апровинциа Хубеи ақалақь Ухань аҟны ԥхынҷкәын анҵәамҭазы. Иара зырҿио акоронавирус хкҿыц - 2019-nCoV ауп. Китаи анҭыҵ авирус азгәаҭоуп: Гонконг, Макао, Таивань, Таиланд, Иапониа, Аладатәи Кореиа, ЕАА, Канада, Вьетнам, Сингапур, Непал, Франциа, Австралиа, Малаизиа, Германиа, Финлиандиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0