Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьуӷьелиаԥҳа: Гәдоуҭа араион аҿы ҩ-хәыҷбаҳчак аус руӡом ахәыҷқәа рчымазара иахҟьаны

© Foto / Инна ДжугелияИнна Џьуӷьелиаԥҳа
Инна Џьуӷьелиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион аҵара аҟәша аиҳабы Инна Џьуӷьелиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит араионтә школқәа рҵаҩцәа раҭаашьа зеиԥшроу, насгьы аҵара процесс шымҩаԥысуа атәы.

Арадио Sputnik Аԥсны ихацнаркит арубрика ҿыц "Мышкы раионк аԥсҭазаараҟынтә". Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны мчыбжьык ахь знык Аԥсны араионқәа рахьтә акы алкааны еилаҳкаалоит уа ақыҭанхамҩа, акультура, аҵарадырра, агәабзиара уҳәа аԥсҭазаара ахырхарҭақәа зегь рыла рнапы злаку аусқәа шцо.

Гәдоуҭа араион иамшны иазгәаҭоуп ахәаша.

Џьуӷьелиаԥҳа: Гәдоуҭа араион аҿы ҩ-хәыҷбаҳчак русура аанкылоуп ахәыҷқәа рчымазара иахҟьаны

"Есышықәса жәабранмза ахәыҷқәа ахьҭа ахьрылало иахҟьаны ашкол иагхоит ҳәа иазгәаҭаны иҳамоуп. Сынтәа хәыҷык заа уи аамҭа ҳааҭагылеит. Ҳәарада, ашколқәа рҿы аҭагылазаашьа еиуеиԥшым. Ақалақьтә школқәа рҿы ахьҭа злаланы имаауа рхыԥхьаӡара еиҳа еиҳауп ақыҭа хәыҷқәа раасҭа. Арҵаҩцәеи аҭаацәеи еимадоуп аҟнытә адырра ҳамоуп аҭаацәа аӡәи-аӡәи еибарчмазаҩыр ҳәа ишәаны аҩны иаанызкылогьы, иҟоуп ахәышәтәырҭақәа рҿы инеины зҽызхәышәтәуа. Араион аҿы иҟоу ахәыҷбаҳчақәа, аҩбатәии аԥшьабтәии, алаҳамҵозар, егьырҭ аҵаратә усбарҭақәа зегьы рҿы аусура цоит. Иҟоуп ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара еиҳарак иахьагу, мамзаргьы иахьмаҷӡоу. Ҳәарада, ахәыҷқәа реиԥш арҵаҩцәагьы чмазаҩхар ауеит, ус еиԥшгьы ыҟоуп. Усҟан ашкол анапхгара аурокқәа реихшынҵа еиҭаргоит, ахәыҷқәа ахьмаҷу аклассқәа еидҵаны арҵара апроцесс мҩаԥыргоит. Ашкол ахь иааиз хәыҷык аурокқәа ҟамҵакәа аҩныҟа дырхынҳәны дҳашьҭӡом", - ҳәа азгәалҭеит Џьуӷьелиаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0