Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лацәышԥҳа: Аԥсны аҭоурых Гал араион аҵаҩцәа иддырҵароуп ҳуниверситет аушьҭымҭацәа

© Foto / из личного архива Лацушба АсидыЛацушба Асида
Лацушба Асида - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион аҵараҟәша аиҳабы Асида Лацәышԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аусураҟны уадаҩраны ишылԥхьаӡо Аԥсны аҭоурых дзырҵо арҵаҩцәа разымхара.
Лацәышԥҳа: Аԥсны аҭоурых Гал араион аҵаҩцәа иддырҵароуп ҳуниверситет аушьҭымҭацәа

"Исҳәарц исҭаху уадаҩрас иҳамоу, иахәҭоуп ҳәа исыԥхьаӡо Аԥсны аҭоурых амаҭәар аҵаҩцәа идирҵароуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иалгаз.  Иара даԥсыуамзаргьы ҟалоит, избанзар ижәдыруеит араион ақыҭа школқәа рахь инеины аԥсуа рҵаҩцәа ирцәыуадаҩуп амаҭәар рызнагара. Ақалақь ашколқәа рҟны ус еиԥш апроблема ыҟаӡам. Егьырҭ маҷк ихароу ақыҭа школқәа рҟны Аԥсны аҭоурых ддырҵоит уи змаҭәарым. Убасгьы абызшәа рыздырӡом. Ишԥарызнарго аҵаҩцәа, иарабан знеишьоу иарҭо, рхәыцшьа, иара Аԥсны аҭоурых аума ирзеиҭарҳәо. Ус еиԥш сазхәыцны азҵаара ықәсыргылеит. Уажәы нас маҷк аиҭакрақәа сырҿуп, ақыҭа школқәа рахь ҩыџьа арҵаҩцәа аусура иалаҳаргеит, аӡәы макьана дыстудентуп, егьи далгахьеит ауниверситет", -  лҳәеит Лыцәышԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0