"Ан лмал" аԥаразоужьра еиҳатәхоит Урыстәыла

CC0 / / Ребенок
Ребенок - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владимир Путин Афедералтә еизарахь инашьҭымҭаҿы анапынҵа ҟаиҵеит "ан лмал" азы аԥаразоужьра 2026 шықәсанӡа инахазарц.

АҞӘА, жәабран 4 – Sputnik. 2022 шықәсанӡа "ан лмал" ашәара иазырхахоит 1,5 триллион мааҭ. Арҭ аԥарақәа Урыстәыла Атәанчахәытә фонд 2020-2022 шықәсазтәи абиуџьет аҟны иазыԥхьагәаҭоуп. Абри атәы аҳәоит анорматив-зинтә актқәа рпортал аҟны икьыԥхьу адокумент аҿы.

Женщины с детьми в Московском зоопарке - Sputnik Аҧсны
Актәи ахәыҷы изы "ан лмал" рыҭара иалагоит хәажәкыра инаркны

Апрограмма аԥаразоужьра иацҵахоит 428 миллиард мааҭ рыла 2020 шықәса рзы, 522 миллиард мааҭ – 2021-шықәса рзы, 582 миллиард мааҭ – 2022-шықәса рзы. Ари хымԥадатәиуп "ан лмал" актәи ахәыҷы изы ашәара алагарази аҩбатәи ахәыҷы изы ашәара ацҵарази.

Аханатә "ан лмал" ашәара иазоужьын 945 миллиард мааҭ.

2020 ажьырныҳәамзазы Урыстәыла ахада Владимир Путин Афедералтә еизарахь инашьҭымҭаан анапынҵа ҟаиҵеит "ан лмал" апрограмма 2026 шықәсанӡа инахазарц. Владимир Путин иҳәеит 2020 шықәса ажьырныҳәамза инаркны актәи ахәыҷы иираан ишшәахо.

Аҩбатәи ахшара изы "ан лмал" 150 000 мааҭ рыла ишьҭыҵуеит, иара ахышәа-ҵышәа 616 000 мааҭ ихалоит. Уи аиндексациа азухоит.

Хҩык ахшара змоу аҭаацәарақәа рипотекатә кредит 450 000 мааҭ аҳәынҭқарра иашәоит. Иахьатәи аамҭазы "ан лмал" 453 000 мааҭ ыҟоуп. 2020 шықәса рзы 466 000 мааҭ ҟалоит, 2021 шықәса рзы — 489 000 мааҭ.

Аҩбатәи ахԥатәи ахшара рираан ма урҭ ԥас ма ԥҳас ргараан аҳәынҭқарратә цхыраара Урыстәыла аҟаҵара иалагеит 2007 шықәса раахыс, 2021 шықәсанӡагьы апрограмма арбан. Уажәы иара аиҭа хәышықәса иацҵоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0