Урыстәылатәи амотохысцәа рҭыԥ иахымҵит атактикатә ҽазыҟаҵарақәа раан

© Foto / пресс-служба Южного военного округаУрыстәылатәи амотохысцәа рҭыԥ иахымҵит атактикатә ҽазыҟаҵарақәа раан
Урыстәылатәи амотохысцәа рҭыԥ иахымҵит атактикатә ҽазыҟаҵарақәа раан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мчыбжьык аҩныҵҟа Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа злахәыз аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган Кавказ ашьхақәа рҿы иҟоу аполигон "Ҵабал" аҟны.

АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Урыстәылатәи амотохысцәа "аӷа" ижәлеит Кавказтәи ашьхақәа рҿы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Разведчики ЮВО отработали противодиверсионные действия в горно-лесистой местности Абхазии на учении - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аруаа "иԥхасҭоу атехника" адәы иқәыргеит

Аҽазыҟаҵарақәа рыплан инақәыршәаны, аруаа рхы иадырхәеит акәылӡтәы транспартиорқәа БТР-82АМ, аминометқәа "Сани", агранатаршәгақәа АГС-17 и РПГ-7.

"Аӷа" танклеи артиллериалеи деиқәшәан. Иҟалар зылшо аибашьратә ҭагылазаашьа аԥҵаразы ахархәара рырҭон аимитациатә зариадқәа ИМ-120, адырраҭаратә ракетақәа.

Ахархәара аман аҽеимадаразы ҳаамҭазтәи арадиостанциа "Акведук".

500-ҩык инарзынаԥшуа аруаа, 40-цыра арратә техника злахәыз аҽазыҟаҵарақәа рфинал аҿы аррамаҵзурауаа "аӷа" хыԥхьаӡарала дышреиҳазгьы ииааир акәын. Атактикатә ҽазыҟаҵарақәа раан иара убасгьы иадыԥхьалан акәылӡтәы транспартиорқәа БТР-80 ирықәыргылаз аимадаратә машьынақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0