Аԥсны Апарламент хәшәыла аиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра аҿҳәара иацнаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание парламента
Заседание парламента  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент раԥхьатәи ҭагалантәи асессиа аилатәараҟны хәшәыла аиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра аҿҳәара иацнаҵеит.

АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Аԥсны Апарламент адепутатцәа ишьақәдырӷәӷәеит амедицинатә препаратқәеи ахархәагақәеи рыла хазы иго, Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа ркатегориақәак реиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра цҵа.

Аԥсны ахада Апарламент аҿы ихаҭарнак Дмитри Шамба иазгәеиҭеит аиқәшаҳаҭра 2019 шықәсазы анапы шаҵаҩыз.

Ҭамаз Ҵахнакьиа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра Урыстәыла амедусҳәарҭақәа рҿаԥхьа ауалқәа ашәеит

"Абри аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны 2017 шықәса рзы анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра хада аҿҳәара иацҵахоит. Уаанӡатәи аҭагылазаашьа иара аҿҳәара нҵәар акәын ԥхынҷкәын 31 2019 шықәса рзы", - иҳәеит Шамба.

Аиқәшаҳаҭра цҵала аҿҳәара инахахоит ԥхынҷкәын 31 2022 шықәса рзы.

"Аиқәшаҳаҭра иаҵанакуеит хәшәыла еиқәыршәатәу аинвалидцәа ркатегориақәа жәба", - иҳәеит иара.

Дмитри Шамба иажәақәа рыла шықәсык аҩныҵҟа атәылауаа ирыҭахоит 50 миллион мааҭ рыхәԥса ахәшә.

"Урыстәылеи Аԥсни ргәабзиарахьчара аминистррақәа ззеиқәшаҳаҭхо азыҳәақәа инарықәыршәаны аԥаразоужьра мҩаԥнагоит Афинансқәа рминистрра. АУН "Аԥсныформациа" арҭ ахәшәқәа аанахәоит Аҟәа, Тҟәарчал, Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра аԥҭекақәа рҟны", - иҳәеит Шамба.

Адепутатцәа еицҿакрыла рыбжьы рҭиит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Амедицинатә ԥгаԥса ала 1500-ҩык рҟынӡа Аԥсны атәылауаа ацхыраара роуеит
Ажәабжьқәа зегьы
0