Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиа Гәдоуҭатәи ауҭраҭыхааӡаҩцәа рзы: ажәала акәымзар, егьыс ҳазрыцхраауам

© Sputnik / Томас ТхайцукИура Кәарцхьиа
Иура Кәарцхьиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иура Кәарцхьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит иахьазы адгьыл иқәаарыхуа рнапы злаку.

Арадио Sputnik Аԥсны арубрика ҿыц "Мыкшы раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәаша Гәдоуҭа араион иазыԥҵәоуп.

Кәарцхьиа Гәдоуҭатәи ауҭраҭыхааӡаҩцәа рзы: ажәала акәымзар, егьыс ҳазрыцхраауам

"Сынтәа аӡын митәык ихьшәашәам, анхацәа аӡахәа, ашәыр аилыхра, ауҭрақәа ррыцқьара иаҿуп. Ауҭраҭых ааӡаразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит. Гәдоуҭа араион ауҭраҭых ааӡара рҽазыршәоит, есышықәса ицәгьамкәагьы аус адырулоит, аха рыцҳарас иҟоу ауҭраҭых ҟазҵо, цхыраарак зҭаху аҳәара ҳарҭар, ҳазрыдгылаӡом ҟәрышьла ҳахьеиқәшәам азы. Ажәала ауп ҳазрыцхраауа, егьыс цхыраашьа ҳамаӡам. Ақыҭанхамҩа иадҳәаланы аԥара ҳара ҳзы иоужьӡам. Аҳәара ҟазҵо рацәаҩуп, иахьагьы ҩыџьа-хҩы арзаҳалқәа ықәырҵеит, аха ацхыраара ҳазрыҭом.

Иагьа ус акәзаргьы, араион аҟны иҟоуп ауаа ауҭраҭых рацәаны иаазрыхуа, қьырала адгьыл ганы рџьабаала еиҿкааны измоу. Гектарк еиҳаны иарку ауҭраҭых ааӡарҭақәа змоу ыҟоуп. Хыԥсҭа ақыҭаҟны 30-35 ҭӡы раҟара ирыман ус еиԥш ауҭраҭых ааӡарҭақәа, иахьазы ҩыџьара иҟарҵоит Жьиаа рҭаацәареи Константин Смыри ирымоуп. Еиҳарак анаша, апатырџьан, аиаҵәара, апырпылца, апырпылҭахә. Дара зқьи хәышә тонна рҟынӡа аадрыхуеит ааԥын инаркны ҭагаланынӡа", - иҳәеит Кәарцхьиа.
Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0