Лыхни Берлини згәы иҭамкәа еимаздаз Александр Гагәылиа, ма патреҭк аҭоурых

Александр Гагәылиа
Александр Гагәылиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа есышықәса рхыԥхьаӡара маҷхоит. Урҭ ирыдҳәалоу аҭоурыхтә хҭысқәеи ажәабжьқәеи ракәзар, ԥшьала аамҭа иалаӡоит… Sputnik аколумнист Саида Жьиԥҳа иҳамалдоит лаб Владимир Жьиба иҟынтә илаҳахьоу хҭыск аҭоурых.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан аԥсшьарҭа ҭыԥ "Ахьтәы ҟәара" ҳәа изышьҭоу аӡбахә заҳахьоу рацәоуп. Абраҟа аус еицыруан саби Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Александр Гагәылиеи.

Ԥсшьара мшык аҽны, анемец фашистцәа ирҿагыланы еибашьуаз, зхы-зыԥсы азеиԥш џьынџьдгьыл азы иамеигӡоз аибашьҩы, ҩаԥхьа ашықәс еиқәаҵәақәа дырзыхынҳәуа, иџьашьахәу хҭыск игәалаиршәеит…

Волгоград аибашьра иалагаз, анаҩс Сталинград инаркны Берлинынӡа инаӡаз Александр Гагәылиа џьара цәҟьарсҭак имоукәа амцашыра далҵит. 1945 шықәсазы, аибашьра анеилга, зҭаацәарақәа рахь ахынҳәра иазгәаҟуаз аибашьцәа, ргәы хыҭ-хыҭуа ркомандаҟаҵаҩцәа рыдҵақәа ирзыԥшын.

Џьота Сақаниа - Sputnik Аҧсны
Џьота Сақаниа иӡбахә Аԥсныҟа иааӡеит

Берлин Асовет ар рнапаҵаҟа ианаарга, Александр Гагәылиа икомандаҟаҵаҩ араҟа хылаԥшҩыс даанрыжьит. Иара (ижәла дырым) ихәҭакахьала иалиԥшаауа далагеит зыгәра игоз, ԥхьаҟа аус зциураны иҟаз арԥарцәа.

"Аинрал-леитенант асиа даԥхьо, ажәлақәа еиқәыԥхьаӡо дышгылаз, Александр илымҳа иааҭаҩит "Гагәылиа" ҳәа. Азнык азы ишьамхқәа иҵаҟәалеит, аха имч ааизиган, аиҳабы иажәа дахымԥеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Владимир Жьиба.

Аибашьра аветеран дҵас идлеит аибашьыга машьынақәа рыргыларҭа ахылаԥшра аҭара.

Шықәсык ааҵуаны, Берлин ақалақь ахылаԥшҩы Александр Гагәылиа 40 мшы ԥсшьара иҭаны Аԥсныҟа дишьҭит, Аԥсуаа шәҩи шәуаҭкеи сеилаҳауеижьҭеи акрааҵуеит, уанаауа ԥыҭк ҳзааугароуп ҳәа алаф ҳәауа.

Александр Асовет Еидгылахь дцоит ҳәа заҳаз аус ицызуаз амашьынаргыларҭа аилыргаҩ, анемец ԥҳәыс Клара, аҳәара илҭеит, хабарда ибжьаӡхьаз лыԥшәма џьаракыр диԥыхьашәозар, лыԥсы шҭоу, дшизыԥшу иаиҳәарц.

"Клара, сара Аԥсныҟа ауп сахьцо, бара быԥшәма дытҟәаны дыҟазар акәхап, ҳахьеиҿаҳауа башоуп, иҳәеит Александр. Аԥҳәыс лшьамхы арсны аҵәыуара далагеит, 1943 шықәсанӡа асалам шәҟәқәа ҳабжьан, уи нахыс иӡбахә сыздыруам. Сгәы исанаҳәоит иԥсы шҭоу. Сшәыҳәоит, мап сцәышәымкын, абар ифотосахьа ҳәа лнапы нарханы", - иҩыза дзыниаз ахҭыс сзеиҭеиҳәоит саб.

Мызкы инеиҳаны иҵхьан, Александр Гагәылиа Лыхны дыҟан. Иуацәеи иҭынхацәеи игәазхара ибеит. Иқыҭауааи Аԥсны ахи аҵыхәеи дыздыруази ааԥхьарақәа ирҭон, иҿцәажәон.

Берлинҟа ихынҳәра мчыбжьык аҟара шагыз, Александр иӡбеит амш актәи азбжанӡа иԥсы ишьаларц, избанзар аусура дхынҳәыр уи аҩыза аҭагылазаашьа шимоуз идыруан.

Таҷ Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Таҷ Аҩӡба: арҵаҩы, алеитинант, аибашьра афырхаҵа

Ҽнак зны аиарҭа даалҵны, Александр иҩны аҩбатәи аихагылаҟны, абарҵа даақәгылеит. Рашҭа агәҭаны изызҳауаз акаканҵла аҵаҟа гәыԥҩык ахацәа рҽеизганы итәан, анемец бызшәала ицәажәо. Иара хыхьынтәи дрыхәаԥшуан, уамашәа ибауа. Уи аамҭазы, агәара зыԥссоз иҭаца иналықәҿиҭит, иазусҭцәада ҳәа.

Арҭ анемец тҟәаҩцәа роуп, аусқәа ахьыруо аобиектқәа рнаҩс, ақыҭа иалоуп, афатә азы анхацәа рымхқәа рҽоит, идрашәоит. Ҳара ҳҟынгьы убри аҵыхәала ауп изааз лҳәеит.

"Александр атҟәаҩцәа дрылаԥшуа дышгылаз, руаӡәы даалаԥшықәиҵеит, абри избахьо иоуп ҳәа игәы инҭакны. Дхәыцит, деиҭахәыцит, нас анемец ԥҳәыс дааигәалашәеит. Иџьыба иҭаз апатреҭ ааҭыганы днахәаԥшызар, абар ашана, Клара лыԥшәма икаканҵла ашьапаҟны дтәоуп", - абас иџьашьатәхаз ахҭыс далацәажәоит Владимир Жьиба.

Александр дҩалбаан, аурысшәа здыруа аӡәыр шәыҟоума ҳәа анемеццәа инарықәҿиҭит. Ааи ҳәаны, даарылҵит тҟәак. Александр апатреҭ аацәыриган, еиҭагала ҳәа анемец дҵас ииҭеит.

Клара лыԥшәма дшанхеит, сыршьуама ҳәа аҵысра далагеит.

"Умшәан, сара уԥшәмаԥҳәыс Клара лыӡбахә ауп иуасҳәарц исҭаху. Уи лыԥсы ҭоуп, Берлин дшынхац дынхоит, унеира дазыԥшуп. Мчыбжьык ашьҭахь уахь сгьежьуеит. Упатреҭ ҿыцымҭала иҭых, асалам шәҟәы лызҩы, илықәсыршәоит ҳәа иеиҳәеит", - ажәабжь иациҵоит саб.

Анемец ԥҳәыс лыԥшәма ипатреҭ ҿыци асалам шәҟәи аконверт иҭаҵаны иааигеит. Александр иеиҳабы ишиеиҳәахьаз еиԥш, аҩи ауаҭкеи еиуеиԥшым ачыс хкқәеи иманы ддәықәлеит Германиаҟа.

Николаи Матвеи-иԥа Тәанба (актәи ацәаҳәа, арыӷьарахь ала аԥшьбатәи) - Sputnik Аҧсны
Николаи Тәанба: аибашьра, аҭаацәара, алитература

"Брест аҳәааҟны даннеи, арыжәтә аиагара ҟалом ҳәаны имырхуеит ҳәа иалагазаап. Аха Александр уи азин изҭоз Берлин ахылаԥшҩы инапы зҵаиҩыз ақьаад дирбеит. Ус анакәха, ҳгәабзиаразы ҵәыцақәак аанышәкыл ҳәа алаф ихҳәааны доурышьҭит", — еиҭеиҳәоит Владимир Жьиба.

Александр Гагәылиа Берлин даннеи, аԥсуа чыси арыжәтәи рыла аишәа дырхиеит, Кларагьы ааԥхьара лырҭеит.

Анемец ԥҳәыс Александр аконверт налиркит. Ишанхаз Клара, лыԥшәма ипатреҭ анылба, лыԥсы аалылшәшәаны дынкаҳаит. Аӡы лҿырхәхәаны даналырх, лымч ааибыҭаны итәаз зегьы дырзаԥхьеит асалам шәҟәы. Уаҟа ианын, иаарласны аҭҟәацәа рхы ишақәиҭыртәуа, аҩныҟа дшыхынҳәуа, бзиа дшибо, реиқәшәара дшазхьаауа.

Александр Гагәылиа ибзоурахеит Клара лыԥшәмеи лареи реибаԥшаара. Аӡәыр игәы иаанагозма, Лыхни Берлини абас иџьоушьаша ахҭыс рыбжьалоит ҳәа.

Александр Гагәылиа ианашьоуп "Аеҵәа ҟаԥшь" аорден, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аорден II аҩаӡара аорден, иара убас аибашьратә медалқәа жәпакы.

Аветеран иԥсҭазаара далҵит 1989 шықәсазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0