Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьопуа Очамчыра аӡымҩангагақәа рҭагылазаашьазы: есыҽны џьара иаунамыжьыр ауӡом

© Foto / Авдении ДжопуаАвдени Џьопуа
Авдени Џьопуа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра ақалақь "Аӡыканал" аусбарҭа аиҳабы Авдени Џьопуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақалақь аҿы ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәаразы аус шцо атәы.

Арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны, амҩаԥгаҩцәа есыҽны еилыркаалоит араионқәа рҿы ақыҭанхамҩеи, акультуреи, аҵарадырреи, аспорти рҟны иҟоу аихьӡарақәеи, аҿыцрақәеи, раԥхьаҟатәи рыгәҭакқәеи ртәы.

Очамчыра араион иамшны иазыԥҵәоуп асабша.

Џьопуа Очамчыра аӡымҩангагақәа рҭагылазаашьазы: есыҽны џьара иаунамыжьыр ауӡом

"25 шықәса рыҩнуҵҟа ҳара ақалақь аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа роуп иҟаҳҵо, ус инеиԥынкыланы аӡымҩангагақәа ҳмыԥсахыц. Анкьа асоветтә аамҭазы иҵаҵаз роуп иахьагьы аӡы мҩанызго, урҭ ахархәаразы ирзыԥҵәаз аамҭа нҵәахьеит, убри аҟнытә ақалақь аҩнуҵҟа аӡы ахьацәцо аҭыԥқәа рацәоуп. Уи аӡы ахаҭабзиарагьы ианыԥшуеит, аха ҳара еиԥмырҟьаӡакәа ауааԥсыра аӡы раҳҭоит. Есыҽны џьара иаунамыжьыр ауӡом. Аӡы аӡыҭгагақәа рыла акәымкәа, иара ахала аӡымҩангагақәа рыла Мықәынтә х-қыҭак ирылганы иаагоуп. Ҽынла ақалақь иаҵанакуа аҳаблақәа зегьы ирымоуп, уахынла афбатәи амикрораион ҳәа ҳзышьҭоу анхацәа ираҳҭоит. Мықәынтә Очамчыранӡа иаазго аӡымҩангага хада ԥсахтәуп, ақалақь аҩнуҵҟа акәзар, 47 километра атрубақәа ҿыц ишьҭаҵатәуп. Ирацәоуп "Аӡыканал" иадҳәалоу ауадаҩрақәа ҳақалақь аҿы, аха аобиект Аинвестпрограммаҿы иарбоуп, уи ҳақәгәыӷны ауп иахьа уажәраанӡагьы ҳшааиуа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0