Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Касланӡиа Аԥсны акандидатцәа рзы аԥышәара аԥҟарақәа рзы: иаҳмырӷәӷәеит, иҳаԥсахит ауп

© SputnikАлықьса Касланӡиа
Алықьса Касланӡиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апрофессор, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа рзы аҳәынҭқарратә бызшәазы аԥышәаразы алингвистикатә комиссиа аиҳабы Алықьса Касланӡиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит аԥышәара иалагалаз аҿыцрақәа аԥҟара анырра ӷәӷәа шанамҭаз.

Аԥсны алхратә комиссиа аӡбарала Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2020 шықәса хәажәкыра 22 рзы. Аԥсуа бызшәазы азшьа аиура дарбанызаалак акандидат изы ихымԥадатәиуп. Алингвистикатә комиссиа аусура иалагеит 2020 шықәса ажьырныҳәа анҵәамҭазы.

Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрахь акандидат Адгәыр Арӡынба аԥсуа бызшәазы аԥышәара аиҭеит жәабранмза 10 рзы. Иахьа аԥышәарақәа аҵыхәтәантәи рымш ауп.

Касланӡиа Аԥсны акандидатцәа рзы абызшәазы аԥышәара аԥҟарақәа рзы: иаҳмырӷәӷәеит, иҳаԥсахит ауп

"Аԥсахрақәа алаҳгалазаргьы, изаҟаразаалакгьы рӷәӷәара дук ҟаҳамҵеит. Ԥасатәи аԥышәарақәа раан акандидатцәа рҭахрақәа рыла ажәытә алфавит ала иҩыз ашәҟәқәа наҳгозҭгьы, уажәы аҿатә ҳхы иаҳархәеит. Усҟан акандидат доусы иаҳҭахыз атемақәа рыла азҵаарақәа иаҳҭозҭгьы, уажәы акомиссиа алахәылацәа хԥа-хԥа тема алԥшааны, иааизакны 15 тема шьақәыргыланы, хазы-хазы билеҭк аҿы зҵаарак анҵаны, даҽа билеҭк аҿы даҽа зҵаарак анҵо аконверт иҭаҳҵеит. Анаҩс акандидат иалихуан иара дызлацәажәоз абилеҭ. Еиҭа ҿыцрас иалаҳгалаз, уаанӡа аԥышәара азҭоз асахьаркыратә литература аҟнытә ацыԥҵәаха даԥхьозҭгьы, уажәы агазеҭ аҿы иану аналитикатә статиа аекономика атемала идаҳгалеит. Иага умҳәан, уи иаҳа ииашахоит. Азҵаара ҳазцәырҵит аҩраан иарбан ҩышьаԥҟароу акандидат ихы иаирхәаша ҳәа. Аилацәажәара ашьҭахь иӡбан иара ишизыманшәалоу иҩырц, избанзар аԥсуа бызшәа аҩышьаԥҟарақәа аҵыхәтәантәи 25 шықәса ирылагӡаны акырынтә рҽырыԥсахит. Уаҳа иҿыцу ҳәа ԥсахрак ҟаҳамҵеит уажәтәи аԥышәарақәа раан", - ҳәа азгәеиҭеит Касланӡиа.               

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0