Ақыҭанхамҩа, акоммуналтә маҵзурақәа: аҵаахшәыла Аԥсны ианаҭо аԥхасҭа

© Sputnik / Томас ТхайцукСнег в Сухуме
Снег в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз аԥсшьарамшқәа раан аҳауа ахьшәашәара -7, -8 градус рҟынӡа илаҟәит. Ари амҩатә ҭагылазаашьақәа ишырнырыз, акоммуналтә маҵзурақәа русура шымҩаԥысуаз, аҵааркра ақыҭанхамҩа ианаҭо аԥхасҭа Sputnik Аԥсны аматериал аҿы.

Сынтәатәи аӡынра акыр иҟәандоуп. Аҳауа аԥхарра 10 градуск ианеиҳаугьы ыҟан, аха ажьырныҳәа анҵәамҭеи жәабран алагамҭеи рзы иаалырҟьаны аӡынра ахы ҳгәаланаршәеит.

Sputnik

Шамаха иҟамло ахьҭа

Ииасыз аԥсшьарамшқәа раан аҳауа ахьшәашәара -7, -8 градус рҟынӡа илаҟәит, аӡиа Риҵа ихҵаало аҟынӡагьы илеит. Иҵааркхеит Аҟармаратәи аӡхыҽҽагьы.

Убла хызкуа ассир: аӡиа Риҵа аҵаа хылеит - Sputnik Аҧсны
Убла хызкуа ассир: аӡиа Риҵа аҵаа хылеит

Ареспублика амҩақәа рҟны аныҟәараан агәҽанызаара аадырԥшларц атәылауаа ирабжьырго иалагеит Аҳәынҭавтоинспекциа.

Автомашьынақәа рныҟәараз аҭагылазаашьа еиҳа ишыуадаҩхазгьы ииасыз аԥсшьарамшқәеи ашәахьеи рзы ареспубликаҿы мҩатә машәырк ҟамлеит.

"Анцәа иџьшьаны ауаа еиҳа ргәы рҽанны иныҟәозар акәхарын, машәырк ҟамлеит, ахәышәтәырҭахьгьы аӡәгьы дыднамгалеит амҩаҟны дкаҳаит, ма мҩатә машәырк дақәшәеит ҳәа. Аҵаа хәарҭахеит ҳәа азаҳҳәар ауеит амедицинатә усзуҩцәа" ҳәа иҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа атравмотологиа аҟәша аиҳабы Асҭамыр Иванба.

Аԥсабара аԥхасҭа азҭо

Иаҳзааз ахьҭақәа ақыҭанхамҩаз еиҳа иҵоурахеит ҳәа рзуҳәар ҟалоит ҳәа ишьоит Ақыҭанхамҩаз аҳәынҭеилакы аҵиаақәа рыхьчаразы аҳәынҭмаҵзура аиҳабы Владимир Гериа.

Федор Тарба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҭарба иҳәеит иарбан шәырҵлақәоу аҵаа иацәшәо

"Ахьҭа, америкатәи ахьычԥаԥыр аҿиара иаԥырхагахар ҟалоит, избанзар иара аԥхарра бзиа иабоит. Ахьычԥаԥыр ахыԥхьаӡара еиҵанатәуазар уи хра аманы избоит", - иҳәеит иара.

Асубтропикқәа ракәзар, аҵаа рацәак бзиа ирбом аха уи анырра иҟанаҵо насшәоуп ианубо ҳәа иҳәеит Владимир Гериа.

"Аԥхаррақәа рышьҭахь ахьҭакра аныҟало асубтропикқәа рзы рацәак уеигәырӷьартә иҟам, аха уи ааԥынраз ауп ахы анаҳнардыруа. Амармалташь пты акәзаргьы аԥхарра ҭыԥқәа аԥшаауеит. Издыруада ахәҭак ма инҵәар" - иҳәеит иара.

Амиамоза заанаҵтәи ашәҭра далацәажәо аҟазауаҩ иҳәеит уи аҵаа шачҳауа. Абри дақәшаҳаҭуп аекологиаз Аҳәынҭнапхгараҭара ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

"Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аԥхарра иахҟьаны амимоза заа апытра иалагеит. Иҟоу аҵаа ԥырхагак анаҭом аҵла ахаҭа, ашәҭқәа маҷк ирыцрасыргьы", - иҳәеит иара.

Заанаҵтәи ашәҭ: иамеигәырӷьода Аԥсны амимоза ашәҭра

Ахыбқәеи аӡымҩангагақәеи рзы аԥхасҭа

Ареспубликаҿтәи аҵаакра акоммуналтә усзуҩцәа рзы ауадаҩрақәа рыҵоуп.

"Аҩнқәа рҿы аӡымҩангагақәа ҵааны ианыԥжәо ҟалалоит. "Аӡыканал" аӡымҩангага хадақәа ракәзар, аҵаа иацәыхьчоуп. Ипроблеманы иҟоу афымцамч амчра амаҷхароуп", - лҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара акоммуналтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Елена Атепина.

Гагра абжеиҳара ӡыда иаанхеит амотор ахьыԥҽыз иахҟьаны - Sputnik Аҧсны
Гагра абжеиҳара ӡыда иаанхеит амотор ахьыԥҽыз иахҟьаны

Очамчыра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Геннади Ҵәыџьба иазгәеиҭеит, ахьҭақәа ҟалоит ҳәа адырра шроуз еиԥш амҩақәа рҟны, ишәарҭоу аҭыԥқәа аԥслымӡ шықәрыԥсаз.

"Аӡы анҵаауа ыҟоуп, аха акоммуналтә усзуҩцәа апроблемақәа ирласны ирыӡбоит. Ахьҭакра ахәаҷа-маҷа ықәнагап ҳәа ҳазыԥшуп", - иҳәеит иара.

Ацитрусқәа ракәзар, 11 градус рҟынӡа аҵаа рычҳауеит иҳәеит иара.

Гәдоуҭа араион ахада Руслан Ладариа иакәзаргьы иазгәеиҭеит аҵаа аҟалара проблем адук шрызцәырнамгаз.

"Аҵаа ҟалоит анырҳәа, иаҭаххозар ҳәа ишәарҭоу амҩатә ҭыԥқәа рҟны аԥслымӡ наган ишьҭаҳҵеит", - иҳәеит Ладариа.

Гагра араион аҿы акәзар, ҩымшуп аӡы ҳамамижьҭеи, аха уи ахьҭакра иахҟьом, аӡымҩангагақәа ажәуп, аматоргьы акыр иқәсхьан – иԥхасҭахеит ҳәа иҳәеит араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Владимир Џьениа.

Уи адагьы аҩнеихагылақәа руак ахыб аԥша ихнашәеит. 30 метр ԥшьыркца рҟынӡа ақәнахит, уи еиҭашьақәыргылатәуп ҳәа иҳәеит Џьениа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0