Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арадиозыӡырҩы Наҷҟьебиа: зылшарақәа ԥку ауаа рзы арадио хархәага бзиоуп

© Foto / Рауль Начкебия Рауль Начкебия
Рауль Начкебия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зылшарақәа ԥку ауаа рзы арадио хархәага бзиоуп, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны есымша азыӡырҩра бзиа избо Рауль Начҟьебиа. Аефир аҿы иаликааит дыззыӡырҩуа адырраҭарақәеи, аиҿцәажәарақәеи.
Арадиозыӡырҩы Наҷҟьебиа: арадио иаԥхьо иҟынӡа схы назгартә алшара сынаҭоит

Жәабранмза 13 арадио адунеизегьтәи иамшны иԥхьаӡоуп.

"Арадио Sputnik иунаҭо даара ирацәоуп, амҩаԥгаҩцәа ражәа ишалоу еиԥш, иҟоу аиаша аарԥшны ишәҳәоит ҳәа шәаҿуп. Аҵак ду рымоуп ицо адырраҭарақәа, актуалра рыҵоуп аполитикцәа, аҳәынҭқарра анапхгара, акультура аганахьала иҟоу аиҿцәажәарақәа, иара урыстәылатәи Sputnik сазыӡрыҩуеит. "Коӷониаԥҳа лымҩаду" акәзар, даара исгәаԥхоит адырраҭара. Уа еиҿагылоу ҳәа уаҩ дызбаӡом, еиҿцәажәо еиқәшаҳаҭхоит, убра хәыҷык исгәаԥхом акәымзар, даара аҵак ду амоуп излацәажәо азҵаарақәа. Ҳаҭыр ду ақәысҵоит Елеонора Коӷониаԥҳа имҩаԥылго адырраҭара. Ҳаамҭаз аԥсуа радио иалымшо шәара ишәылшо аҟынӡа шәнеихьеит", - ҳәа азгәеиҭеит Наҷҟьебиа.     

Арадиоазыӡырҩы иажәақәа рыла, иахьатәи аамҭазы зылшарақәа ԥку ауаа рзы арадио хархәага бзиоуп.

"Сара сахьзамыԥхьо, сахьзымыҩуа аҟнытә арадио даара схы иасырхәоит. Уи азы исымоуп ицәажәо аҭелқәа. Схы иасырхәоит аинтернет еиуеиԥшым асоциалтә даҟьақәа, уахьынтә ажәабжьқәа ҭганы сырзыӡырҩуеит, убри анаҩс Аԥсуа телехәаԥшреи арадиои, арадио Sputnik абарҭ зегьы схы иархәаны аԥсҭазараа саиааиуеит. Адунеи аҩаӡараҿ сыҟаны, ажәлар ирдыруа здыруа, иаԥхьо иҟынӡа убас схы назгоит, уаҳагьы ԥсыхәа ыҟаӡамызт", - ҳәа иҳәеит Наҷҟьебиа.      

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.              

 

Ажәабжьқәа зегьы
0