50 рҟынӡа закәанԥҵаратә акт рҽырыԥсахуеит Урыстәыла Аконституциа аԥсахрақәа рзы

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКонституция РФ
Конституция РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин ажьырныҳәамзазы Аҳәынҭқарратә думахь аконституциа аԥсахрақәа ралагаларазы азакәан апроект неишьҭит. Аҳәынҭдума иара актәи аԥхьарала иаднакылеит.

АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. 50 рҟынӡа закәанԥҵаратә акт рҽырыԥсахуеит Урыстәыла Аконституциа аԥсахрақәа рзы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Аҳәынҭқарратә дума азакәанԥҵаратә еилакы ахада Павел Крашенинников иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Ариашарақәа амчра анроулак ашьҭахь аусутә гәыԥ азырхиахоит урҭ аԥҟарақәа аконституциаҿ раларҵәара еиқәзыршәо азакәанԥҵаратә план азырхиара. Ариашарақәа ралагалараан иԥсахтәхоит азакәанқәа. Ҳгәаанагарала 50 рҟынӡа закәанԥҵаратә акт рҽырыԥсахуеит", - иҳәеит Крашенинников.

Урыстәыла ахада Владимир Путин ажьырныҳәамзазы Аҳәынҭқарратә думахь Аконституциа алагалақәа рзы иажәадгала хықәкыс иамоуп аконституциатә шьақәгыла, ауаатәыҩса рзинқәа, рхақәиҭрақәа рырӷәӷәара, рырҿиара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0